00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Жьҭаара 5 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Арҵаҩы имш

© Sputnik Томас ТхайцукЗаира Анқәаб.
Заира Анқәаб. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи Арҵаҩы Имш азгәаҭара ИУНЕСКО иаԥшьнагеит 1994 шықәсазы. Ари аныҳәа еиднакылоит арҵара аус иазааԥсо зегьы.

АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Есышықәса еиԥш сынтәагьы жьҭаара 5 рзы Аԥсны ашколқәа зегь рҿы Арҵаҩы имш азгәарҭоит, ахәыҷқәа аҵара дзырҵо рырҵаҩцәа ирыдныҳәалоит, ашәҭқәа ҳамҭас ирырҭоит.

"Зегь раԥхьа иргыланы арҵаҩцәа зегьы ирыдысныҳәалар сҭахуп абри амш. Ахәыҷқәа рааӡара иазааԥсо зегьы ачҳара рзеиӷьасшьар сҭахуп. Ари даара аинтерес зҵоу, аха акыр ихьанҭоу усуп. Рҵаҩыс аус зуыр зылшо ари азанааҭ даара бзиа избо иоуп", — лҳәеит Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Зинаида Анқәабԥҳа.

Заира Анқәабԥҳа ашкол аҟны аус луеижьҭеи 45 шықәса иреиҳауп, арҵаҩра аус лыԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит.

"Сара суыс даара бзиа избоит, ахәыҷқәа рыда сыԥсҭазаара схаҿы исзаагом. Ахәыҷқәа аџьџьаҳәа рыбжьы ансаҳауа, уи сара сзы иеиӷьу акгьы ыҟам. Сара схаҭа сандууп, амаҭацәа сымоуп", — азгәалҭеит уи.

Средняя школа №3. - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашкол №3 акомпиутертә техника ҿыц ҳамҭас иарҭеит

Арҵаҩ лажәақәа рыла, ахәыҷқәа аус рыцура зылшо урҭ бзиа избо, зџьабаа рыдҵара иазыхиоу шракәу.

"Исҭахуп зегьы аԥсҭазаара бзиа рзеиӷьасшьарц, рнапы злаку аус бзиа ибаны иҟарҵар алҵшәақәа бзиахоит. Изҭахымкәа ашкол ахь имҩахыҵуа, акыр шықәса иаанкылара акыр ицәгьоуп. Аамҭа цәгьақәагьы ҳарҭысхьеит, аибашьра аан, убри аҩыза Анцәа уаҳа иҟоумҵан, ахәыҷқәа рыжәҩан цқьазааит, рыԥсҭазаара лашазааит", — лҳәеит Анқәабԥҳа.

Иахьазы Аԥсны ашколқәа зегьы рҟны иааидкыланы аус руеит 4-нызқьҩык инареиҳаны арҵаҩцәа, абжьаратәи ауалафахәы 5-7 нызқь мааҭрҟынӡа инаӡоит.

Адунеизегьтәи Арҵаҩ имш еиҿкаан 1994 шықәсазы ИУНЕСКО аԥшьгарала, ари аныҳәа еиднакылоит арҵара иазааԥсо зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0