Алада Ешыра иахьаҵанакуа амал зкыз ауаа нхон

© Sputnik Томас ТхайцукАрхеологические находки в с. Нижняя Эшера.
Археологические находки в с. Нижняя Эшера. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алада Ешыра иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҟны имҩаԥысуаз ажрақәа раан иԥшаан хкырацәала амацәазқәа, арԥшӡагақәа, аҩнымаҭәа ҳәа ҳзааицҳаит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор, археолог Аркадии Џьапуа.

АҞӘА, жьҭаара 6 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Алада Ешыра иахьаҵанакуа, Верешьчагин ихәы ҳәа изышьҭоу аҭыԥқәа рҟны археологиатә експедициа имҩаԥнагоз ажрақәа раан иԥшаан хкырацәала амацәазқәа, арԥшӡагақәа, аҩнымаҭәа ҳәа ҳзааицҳаит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор, археолог Аркадии Џьапуа.

Раскопки. - Sputnik Аҧсны
Археологцәа Џьанҭоутәи ажырҭақәа рыҭҵаара иацырҵоит

Аԥшаарақәа раан иаарԥшын имаҷымкәа, еллинтәи аамҭа иаҵанакуаз амаҭәар ҿыцқәа. Убас иԥшаан, ҳера ҟалаанӡа IV-III ашәышықәсақәа ирыҵаркуа амалҳамыркыга, антикатәи амкьаҭқәа.

Убарҭ рыдагьы, аԥҳәыс лыжырҭаҟны иаарԥшын ашәҭқәеи аԥстәқәеи рсахьаҭаԥҟа зныз анапхаҵа-мҳәырқәа. Аркадии Џьапуа ишазгәеиҭаз ала уаҟа ижыз аԥҳәыс лнацәақәа ажәабагьы амацәазқәа рхан.

Аекспедициа аус ауанаҵы иара алахәылацәа ирыԥшааит аџьаз иалхыз арԥшӡагақәа, анапхаҵақәа, аимхәыц даҷ, акерамикатә гәыгәым.

"Амал змоу ауаа цәырҵуеит иара ауаажәларратә еилазаара ахаҭа анбеиоу. Сара агәаанагара сымоуп антикатәи аамҭақәа рзы Аԥсны инхоз ауааԥсыра амал рыманы, аҿиара ҳарак змаз атәылаҟны инхон ҳәа", — азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Предположительная деталь надгробия Келешбея Чачба. - Sputnik Аҧсны
Археологцәа иазырыԥхьаӡоит Қьалашьбеи иқьашана ахәҭак рыԥшааит ҳәа

Ирыԥшааз амаҭәарқәа зегьы ареставрациа иахрыжьуеит. Убри ашьҭахь асахьаҭыхыҩцәа урҭ ақьаад ахь ииаргоит.

Верешьчагин ихәы ахьыӡҵәҟьа Амжәассароуп. Еицырдыруеит асахьаҭыхыҩ Васили Верешьчагин абри аҭыԥ бзиа ибаны ишалихыз. Иара уаҟа адгьылҭыԥ ааихәеит, идумыз ӷәтәы-ҩнык иргылеит. Иаакәыршаны еиҭеиҳаит ашәырҵлақәеи атропикатә ҵаиаақәеи. Аҭыԥгьы иара ихьӡ иадырҳәало иалаган – Верешьчагин ихәы ҳәа ахьӡ цеит.

Ари аҭыԥ аԥсуа археологиаҟны иҷыдоу аҭыԥ амоуп. Абраҟоуп иахьырыԥшааз ҳера ҟалаанӡа IX-VII ашәышықәсақәа ирыҵаркуа абҩарҭәарҭа, ахҿақәеи абырзалқәеи рырҭәаразы ахаҳәтә формақәа, заатәи аџьаз аамҭа иаҵанакуа ахаҳәтә еихақәа, Маиҟәаԥтәи акультура ҳәа изышьҭо сахьала иҩычоу акерамика у.у.е.

Ажәабжьқәа зегьы
0