Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаГәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа:  Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи ҳазну амза 27 рзы 20 шықәса ахыҵуеит.

АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аҟны еизгоуп зқьы инареиҳаны аекспонатқәа, убарҭ зегьы аԥхасҭахара иалагеит, лҳәеит амузеи ахылаԥшҩы хада Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

"Ари амузеи аиҿкаара Владислав Арӡынба иоуп изыбзоуроу, аекономикатә блокада ҳашҭакызгьы уи аекспонатқәа азиԥшаауан, излаилшоз ала дацхраауан. Аиааира 20 шықәса ахыҵра маҷк шагыз, Аԥсны ахадас иҟаз Александр Анқәаб, амузеи  ԥырганы аҿыц аргыларазы адҵа ҟаиҵеит. Шықәсык ахы-аҵыхәа ала амузеи дыргылеит, иршьыхит, ирхыбит, аха Анқәаб аиҳабыраҿы дшыҟаз аргыларатә усқәа аанкылан, уаанӡа араион ахадас иҟаз Валери Малиа аусԥҟа инапы ахьаҵаимҩыз азы, амузеи ахьгылоу адгьыл азакәантә ҵаҵӷәы амамызт", — азгәалҭеит уи.

Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, уи иахҟьаны аргылара алхын Урыстәыла ацхыраарала Аԥсны идыргылоз аобиектқәа рсиа.

"Иахьа уажәыраанӡа Гәдоуҭа араион аиҳабыра, амузеи аргылара иацҵахарц азы ашәҟәқәа еиқәдмыршәеит ", — лҳәеит уи.

Амузеи ахылаԥшҩы иазгәалҭеит, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Гәдоуҭа араион ахадара изныкымкәа адҵа шриҭахьоу ашәҟәқәа реиқәыршәара дырласырц, амузеи аргылара ацҵаразы.

"Иахьысҳәо сгәы сыхьуеит, амузеи аекспонатқәа иахьа аихатә иашьикқәа ирҭаҵаны иҳамоуп. Урҭ еидкылатәуп анырҳәа, еизаҳгеит, аха аҳауа рылашәшәаӡом, аԥхасҭахара иаҿуп. Ара иҟоуп шәкы, шәи-ҩажәижәаба шықәса зхыҵуа амаҭәарқәа Аԥсны аҭоурых атәы зҳәо, убарҭ зегь хәыҷы-хәыҷла аҳцәыӡра иаҿуп, ҳамццакра иахҟьаны", — лҳәеит уи.

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаГәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп
1/2
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп
2/2
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп
1/2
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп
2/2
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп

Амузеи аекспонатқәа иахьа иҭшәоу ҩ-уадак ирыҩноуп, уаҟа урҭ аҵәахратә ԥҟарақәа акыр ирцәыхароуп, инаҵшьны иазгәалҭеит Џьыкырԥҳа.

"Амузеи аҟны азеиӷьашьарақәа рышәҟәы Владислав Арӡынба ианиҵеит – Ҳарбанзаалакгьы ҳахьыҟазаалакгьы ҳҭоурых ҳмырӡыр, ахаан ҳмилаҭ ыӡӡом, ҳәа. Убри зегь аҳәоит, еилаҳкаар ҳҭахызар, аха иахьа ари аус инықәҵа-аақәҵо иазнеиуеит. Ҳраион ахадара инагӡаны ирзеилымкааит амузеи ҵакыс иамоу ҳмилаҭ азы", — лҳәеит лара.

Гәдоуҭа иҟоу Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи ҳазну амза 27 рзы 20 шықәса ахыҵуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0