Аԥсуа паспорт ҿыц 450 мааҭ иаԥсахоит

© Sputnik Илона ХварцкияПаспорт
Паспорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса рзы ихыркәшахоит азеиԥштәылауаҩратә паспортқәа рыла ауааԥсыра реиқәыршәара.

АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Азеиԥштәылауаҩратә аԥсуа паспорт ҿыц 450 маҭ иаԥсахоит. Абас шьақәдырӷәӷәеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны иахьа, жьҭаара 8 рзы.

"Ари ақәҵара ҳадаҳкылар акәхеит апаспортқәеи анхаразы азини рыбланкқәа Аԥсныҟа иахьаарго азыи асистема аиқәыршәаразы аусурақәа ахьымҩаԥыргои", — иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Лаша Цаава.

Анхаразы азин ахәԥса 940 мааҭ ҳәа ишьақәыргылан.

"Иахьатәи аҭагылазаашьа ҳазхьаԥшны иазхаҳҵоит акризис шыҟоу. Апаспортқәа разырхиаразы иахәҭаны иҟоу акомпонентқәа аҳәаанхыҵынтәи иаагоит. Ҳара абланкқәа рыхәԥса шьҭаҳхит адоллар ахьынӡеизҳаз инақәыршәаны" — иҳәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.

Иара иажәақәа рыла, апаспортқәа рыхәԥса 380 мааҭ инаркны 450 мааҭ рҟынӡа аизҳара ауааԥсыра рзы иуадаҩымхароуп. Иара убасгьы иҳәеит аҳәынҭқарра абланк ҿыцқәа рзы 94 миллион мааҭ ахарџь шыҟанаҵахьоу.

Иазыԥхьагәаҭоуп 2016 шықәса ирҭагӡаны апаспортқәа рыла ауааԥсыра реиқәыршәара.

Апаспорт ҿыц ркьыԥхьуеит "Гознак" аҟны. Адокумент еиқәыршәахоит хаҭабзиара ҳаракыла. Изтәу ихаҭаратә дыррақәа ҳаамҭазтәи ахьчара атехнологиақәа ирықәшәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0