Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Диколенко иҭаацәа ицеибашьуаз ирышьҭоуп

© Sputnik Астанда АрдзинбаРодители погибшего добровольца Диколенко в Абхазии.
Родители погибшего добровольца Диколенко в Абхазии. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сергеи Диколенко иҭаацәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадара ҭабуп ҳәа рарҳәеит рыҷкәын иԥсыбаҩ ахьышьақәдыргылаз азы. Уаанӡа иара хабарда дыбжьаӡит ҳәа иазыԥхьаӡан. Сергеи иҭаацәа ицеибашьуаз иҩызцәа рыԥшаара иашьҭоуп, ирҭахуп рыҷкәын иеибашьратә ԥсҭазаара атәы рзеиҭарҳәарц.

АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны иеибашьуаз Сергеи Диколенко иҭаацәа Аҟәа иҟоу Ахьӡ-аԥша амузеи иаҭааит. Дара гәыкала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадара ҭабуп ҳәа рарҳәеит рыҷкәын иԥсыбаҩ ахьышьақәдыргылаз азы. Уаанӡа иара хабарда дыбжьаӡит ҳәа иазыԥхьаӡан. Сергеи иҭаацәа ицеибашьуаз иҩызцәа рыԥшаара иашьҭоуп, ирҭахуп рыҷкәын иеибашьратә ԥсҭазаара атәы рзеиҭарҳәарц.

"Ҩажәашықәса дуӡӡа ҳаҷкәын ихабарк ҳаздырамызт. Агәра аагар ҳҭахын иԥсы ҭоуп ҳәа. Аха, аиааира амшныҳәа 20 шықәса ахыҵраан Аԥсны аиҳабыра рааԥхьарала арахь ҳахьааз ҳаҷкәын ихьӡ аабеит иҭахаз рмемориал асиаҟны. Ус шакәызгьы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рҟынӡа анышә дахьамадаз атәы ҳаздырамызт", — еиҭалҳәоит Галина Диколенко.

1992 шықәса рзы 21 шықәса ирҭагылаз Сергеи Диколенко аԥсуа жәлар рхьаа рыцеиҩыршарц дааит. Хабарда дыбжьаӡит 1993 шықәса хәажәкырамзазы, Аҟәатәи ажәылараан. Сергеи иҭаацәа Аԥсны иҟазаараан ԥсҭазаашьас имаз атәы ҳәа акгьы рыздырамызт.

"Иара изныкымкәа иҳәахьан Аԥсныҟа еибашьра дцарц шиҭахыз. Сара даԥсырҟәҟәаауан. Аха иара иҩызак дицны арахь дааит. Аибашьраан, февраль мзазы иҩныҟа иишьҭыз асалам шәҟәаҟны иҩуан ԥжәаҩыс дшыҟаз. Ари ҵыхәтәантәи шәҟәын. Уаҳа ихабар ҳәа акгьы ҳаздырам", — ҳәа еиҭалҳәон Сергеи иан.

Дара рыҷкәын иҩызцәа рахь аҳәара ҟарҵоит ирықәшәарц.

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ауаԥсаа аҳамҭақәа риҭеит

"Ицеибашьуаз ӡәыр дыҟазар дҳақәшәар ҳҭахуп, даара иаҳҭахуп иаадырырц дшеибашьуаз, иҭахашьахаз. Сара еснагь издыруан иара шәара шимамыз, еснагь ԥхьаҟа ацара дшашьҭаз", — лҳәеит Галина Диколенко.

2015 шықәса, хәажәкырамзазы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтә визитла Адыгатәыла даныҟаз, Сергеи иҭаацәа иҳәеит Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ижу рыгәҭа рыҷкәын иԥсыбаҩ ыҟоу иҟаму аилкаара алиршарц ҳәа еиҭалҳәоит атәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Хьыбла Возԥҳа.

"Сергеи иҭаацәа рҟынтәи иахәҭаны иҟаз абиоматериал апробақәа ргеит агенетикатә анализ амҩаԥгаразы. Иахәҭаны иҟаз ауснагӡатәқәа рышьҭахь ишьақәыргылахеит Сергеи Диконенко иԥсыбаҩ", — ҳәа азгәалҭоит Возԥҳа.

Уаанӡа Рауль Ҳаџьымба Сергеи иҭаацәа рнапы иаиркхьан "Афырхаҵараз" амедал адубликат. Иара амедал ианашьаразы Адҵа 1995 шықәсазы Владислав Арӡынба инапы аҵаиҩхьан, аха уи еилкаам амзызқәа рыла иӡны иҟан.

Сергеи иԥсыбаҩ анышә иамардеит дахьиз-дахьааӡаз иқыҭаҟны 2015 шықәса цәыббрамзазы, данҭаха ашьҭахь 22 шықәса ааҵхьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0