Леонид Ӡаԥшьба ибиографиа

© Sputnik Томас ТхайцукЛеонид Дзапшба
Леонид Дзапшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

Леонид Иури-иԥа Ӡаԥшьба, амилициа аинрал-маиор, диит 1961 шықәса жьҭаара 1 азы, Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан. 1979 шықәса инаркны 1981 шықәсанӡа Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысуан. 1981 шықәса инаркны 1983 шықәсанӡа аҵара иҵон СССР Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Чебоксартәи амилициатә школ аҟны.

1983 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа аус иуан Томбовтәи аобластә исполком Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭаҟны, еиуеиԥшым амаҵзурақәа напынҵаны иман. 1988 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа аҵара иҵон СССР Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Омсктәи академиаҟны.

1991 шықәса инаркны Ӡаԥшьба аус иуан Аԥснытәи АССР Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны. 1993 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аоперативтә ҟәша аиҳабыс дҟаҵоуп.

1993 шықәса жьҭаарамза инаркны — Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы.

1996 шықәса ԥхынгәы 10 рзы Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба Идҵала Леонид Ӡаԥшьба Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы дихаҭыԥуаҩуп.

2002-2010шш. — Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩ.

2007ш. – Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент.

2010ш. цәыббра 22 рзы атәыла Ахада Идҵала Леонид Ӡаԥшьба Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп.

2011ш. жьҭаара 20 рзы Ӡаԥшьба имаҵзура аанижьуеит.

2014ш. ԥхынгәымзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас икандидатура ашәҟәы иҭаҩуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0