Ҭырқәтәыла атеракт ахьыҟалаз Facebook-и Twitter-и рхархәара аанкылоуп

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтарица в социальной сети Facebook.
Старица в социальной сети Facebook. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи АИХ (СМИ) асоциалтә ҳақәа русура аанкылара адырҳәалоит асабша аҭыԥ зоуз атеррористтә акти, амҽыша уи иаҿагыланы имҩаԥысыз ақәгыларақәеи.

АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik. Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақьуаа асоциалтә ҳақәа Facebook-и Twitter-и рхы ирзархәом ҳәа аарыцҳауеит Анкарантәи аинтернет ахархәаҩцәа.

Ҭырқәтәылатәи АИХ (СМИ) асоциалтә ҳақәа русура аанкылара адырҳәалоит асабша аҭыԥ зоуз атеррористтә акти, амҽыша уи иаҿагыланы имҩаԥысыз ақәгыларақәеи. Атәыла анапхгара абри аганахьала макьаназы официалтә ҳәамҭа ҟарымҵац.

Атеракт аан иҭахаз рыбжьара аԥсуа-адыга диаспора рхаҭарнакцәа ыҟам

Аамҭала иаанкылоуп материалқәакгьы ркьыԥхьра. Уи Ҭырқәтәыла иҟалаз атеракт иадҳәалоуп, АИХ (СМИ) зегьы ирзеиԥшуп ҳәа Ҭырқәтәыла арадиои ателехәаԥшреи рыла ирыланаҳәеит Ҭырқәтәыла арадиои ателехәаԥшреи рзы Иреиҳаӡоу ахеилак. Аамҭалатәи аркьаҿрақәа ирыҵаркуеит атеракт иадҳәалоу афото, —авидео материалқәа зегьы.

Асабша, асааҭ 10.04 рзы, Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь аҟны аԥжәарақәа ҩба ҟалеит, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи азанааҭеидгылақәеи еиҿыркааз амитинг алагамҭаз. Амитинг азкын атәыла алада-мрагылараҟны аҭырқә-курдтә еимак иахҟьаны иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ аҿагылара.

Аофициалтә дыррақәа рыла иҭахеит 95 –ҩык ауааԥсыра, ахәрақәа роуит 246 48–ҩык. Урҭ рҟынтәи –ҩык ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп. Аԥжәара мҩаԥыргеит ҩыџьа атеррористцәа аихамҩатә вокзал иахьаҵанакуаз аҭыԥ аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0