АҞӘА, жьҭаара 15 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистрра анаука-методикатә хеилак, ахаша, жьҭаара 14 рзыаилатәара мҩаԥнагеит.
Аекспертцәа алацәажәеит Аҟәа ақалақь ашьаҭаркра арыцхә иадҳәалоу анаука-практикатә конференциа аиҿкаареи аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа иаку рҳәынҭқарратә сиа аԥҵареи ртәы.
Аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчараз Адепартамент аиҳабы Баҭал Кәабахьиа адырра ҟаиҵеит иаку аҳәынҭқарратә реестр ахь ишаҵаркхо Аҟәеи иара акәша-мыкәшеи иҟоу абаҟақәа рсиа.
Иара иажәақәа рыла иаку аҳәынҭқарратә реестр азырхиахароуп жьҭаарамза нҵәаанӡа.
"Иахьа иуадаҩуп аилагарақәа ҟазҵо ауаа рганахьала асанкциақәа рыдкылара, акультуратә ҭынха аобиект асиа иаҵаркны убри азы атәыла Ахада идҵала анапаҵаҩра амоуцзар, апаспортқәа ацымзар, иахәҭаны иҟоу аматериалқәа азырхиамзар", — иҳәеит Кәабахьиа.
Иара ишиҳәаз ала шықәсыбжак аҩныҵҟа аусурақәа маҷымкәа имҩаԥгоуп.
"Иаку аҳәынҭқарратә сиа анрыдыркыла ашьҭахь, хышықәса рыҩныҵҟа имҩаԥгахоит аинвентаризациа, ихымԥадатәиу аинформациа ҭбаа азырхианы", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Убри адагьы, ахеилак алахәылацәа ргәаанагарала, Аҟәа ашьаҭаркра арыцхә анаука ҟазшьа змоу ҵаҵӷәык аҭаны иҟаҵатәуп.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз ирылаҳәан ахеилак аилазаара иацлаз Роман Дбар (Аекологиа аинститут адиректор), Ҭемыр Занҭариа (Аԥсны архитекторцәа Рхеилак ахантәаҩы), Адгәыр Ӡиӡариа (Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Рхеилак ахантәаҩы), Адамыр Аҳәба (адгьылхархәареи акадастри рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы) рыхьӡқәа.