Аҟәа Ахадара амшын аԥшаҳәаҟны ахәаахәҭра еиҿкааны ишьақәнаргылоит

© Sputnik Томас ТхайцукВыносная торговля на набережной.
Выносная торговля на набережной. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса рзы адәахьтәи ахәаахәҭра аиҿкаара иалагараны иҟоуп ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа шаахыркәшалак рҳәеит Аҟәа Ахадараҟны.

АҞӘА, жьҭаара 9 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. 2016 шықәсазы адәахьтәи ахәаахәҭра аиҿкаара иалагараны иҟоуп ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа шаахыркәшалак рҳәеит Аҟәа ахадара архитектуреи аргылареи рзы Аусбарҭаҟны.

Руслан Габлия - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хадас дҟарҵеит

2016 шықәсазы акурорт сезон ҳҽазыҟаҵо, адәахьтәи ахәаахәҭра аиҿкаара иалагараны иҟоуп ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа шаахыркәшалак иҳәеит Аҟәа ахадара архитектуреи аргылареи рзы Аусбарҭа анџьныр хада Вахтанг Қәаранӡиа.

Аусбарҭа ахәаахәҭырҭатә қьалақәа рыргылара азнеишьа ҿыцқәа разыԥшаара иашьҭоуп. Араҟа иазыԥхьагәаҭатәуп абизнес маҷ аҿиаразы аҭагылазаашьақәагьы раԥҵара лҳәеит Аҟәа ақалақь архитектор хада Ҭамара Лакырԥҳа. Аконцепциа ҿыц ауаажәларраҟны иалацәажәараны иҟоуп, уи ԥхьаҟагьы аус адулахоит лҳәеит лара.

Амшын аԥшаҳәа ахы инаркны аҵыхәанӡа аҭарцәра сынтәа ирзалмыршеит. Архитектуреи аргылареи рзы аусбарҭаҟны ишырҳәаз ала уи аус хьшәаны иахьалагаз ауп изыхҟьаз.

"Сара иҿыцу архитектор хадоуп, ақалақь Ахадараҟынгьы иҿыцу уаҩуп. Ари аидеиа ишеилыскааз ала заа ихацырктәын", — лҳәеит Ҭамара Лакырԥҳа.

Архитектор хада лаԥшьгарала ааԥын иазыԥхьагәаҭан ахәаахәҭрҭатә қьалақәа амшын аԥшаҳәа иаҿыганы иара иаԥну амҩақәа (Џьонуа имҩа, Воронов имҩа, Калмыков имҩа, имам Шамиль имҩа, Чачба имҩа) рахь риагара. Зегьы аԥшаҳәа еиҳа иахьазааигәоу аҭыԥқәа ахьырҭахыз иахырҟьаны аҵәҭаԥсара мҩаԥаагеит иҳәеит Вахтанг Қәаранӡиа. Ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа ахьымӡеит аҭыԥ ҿыцқәа ишахәҭоу еиԥш реиқәыршәара афинансқәа разымхареи аамҭа амаҷреи ирхырҟьаны ҳәа азгәеиҭеит иара.

© Sputnik Томас ТхайцукВыносная торговля на набережной.
1/3
Выносная торговля на набережной.
© Sputnik Томас ТхайцукВыносная торговля на набережной.
2/3
Выносная торговля на набережной.
© Sputnik Томас ТхайцукВыносная торговля на набережной.
3/3
Выносная торговля на набережной.
1/3
Выносная торговля на набережной.
2/3
Выносная торговля на набережной.
3/3
Выносная торговля на набережной.

Аҳҭнықалақь Ахадарахь инашьҭын 250 инареиҳаны рзаҳал – ақалақь аҟны асезонаамҭала ахәаахәҭра азин аиуразы. Урҭ реиҳараҩык ҳҳәатәы иақәныҟәеит, иахьырзалхыз аҭыԥқәа рҟны игылан лҳәеит Лакрԥҳа.

"Ҩажәаҩык рҟынӡа хаԥышәала дара иахьырҭахыз игылан. Аԥхьаҵәҟьа еиҿкаарак ыҟан, аха арҭ ас аныҟарҵа егьырҭ "ҳара иахьаҳдырбаз ҳгылоуп, арҭ ас зыҟарҵазеи рҳәо иалагеит", — лҳәеит Лакрԥҳа.

Ҳажәа иацымныҟәаз ауаа рҭыԥ рахыгара акыр иуадаҩхеит. Архитектуреи аргылареи русбарҭахь ҳнанагеит ҳәа ацылҵоит лара.

Ақалақьтә еизара ахәаахәҭра азин аиуразы ахәԥсатә қәҵа шьақәнарӷәӷәеит

"Ауаа атәым ҭыԥқәа ааныркыло иалагеит. Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ҳара аӡәгьы азин иаҳамҭеит џьара акы аргылара. Ареидқәа рымҩаԥгара ҳшаҿызгьы ҳамч мхеит. Ауаа дара иахьырҭахыз ада аҽаџьара риагара уадаҩхеит" ҳәа еиҭалҳәоит архитектор хада.

Аиҭакра бзиақәа шьақәгылеит аресторан "Нарҭаа" аҿаԥхьа. Уаҟа ашьац иаҵәараҟны хәаахәҭырҭатә қьала заҵәыкгьы гыламызт иара убасгьы аҽыкәабарҭатә зонагьы ҭацәны иҟан.

"Ари раԥхьатәи шьаҿоуп. Уаанӡа асеиԥш аԥшьаҳамгацызт. Аиааирақәа маҷзаргьы, ихадоу аус хацыркуп", — ҳәа азылыԥхьаӡоит архитектор хада.

Лара иазгәалҭеит ҽааны ақалақь Ахадара ақәҵара анагӡара еиҳа ҽырӷәӷәала иазнеираны ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0