Аслан Бжьаниа: маитәи асценари мап ацәаҳкуеит

© Sputnik / Бадра АвидзбаФото с места события.
Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аоппозициатә мчрақәа реидгыла ашәахьаҽны апресс-конференциа мҩаԥыргеит. Иара азкын атәылаҟны иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи лассы иҟалараны иҟоу аполитикатә партиа "Амцахара" аизара дуи.

АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа рфонд ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аполитикатә партиа "Амцахара" аизара ду Аԥсны аконституциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥысуа.

"Ҳара иалҳаршом ҳажәлар аграждантә еибашьраҟынӡа рнагара, 2014 шықәса лаҵарамзазы ишыҟаз еиԥш. Ҳара азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳхы мҩаԥаагароуп", — иҳәеит Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, аизара ду мҩаԥысраны иҟоуп астадион "Динамо" аҟны, аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс иацәыхараны.

Ирина Агрԥҳа: иахьатәи атәыла анапхгара ауаа ржьеит

"2014 шықәса лаҵарамзазы аиҳабыратә хыбрақәа ирцәыхарамкәа имҩаԥысуаз "аҭынч" митинг азакәандарахь ииасит", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Бжьаниа иазгәеиҭеит. 2014 шықәса лаҵарамзазы атәылаҟны изакәанымкәа аҳәынҭқарреиҭакра шыҟалаз Аԥсны иахьатәи анапхгара ақәшаҳаҭым ҳәа.

"Атәыла Ахада иҳәоит 2014 шықәса лаҵарамзазы иџьоушьаша акгьы ҟамлаӡеит ҳәа. 2014 шықәсазтәи ахҭысқәа азакәан шьаҭа рыман ҳәа ҳәо, атәыла иахьатәи анапхгара урҭ ахҭысқәа реиҭаҟалара амца аҵарҵоит", — иҳәеит иара.

Ныгәзар Ашәба - Sputnik Аҧсны
Ныгәзар Ашәба: атәылауаа рыбзазараҿы аиӷьхара ҳәа акгьы рныруам

Астадион "Динамо" аҟны жьҭаара 21 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аполитикатә партиа "Амцахара" афбатәи аизара ду. Аизара азкхоит атәылаҟны иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа реидгыла аԥҵан 2015 шықәса ԥхынгәы 14 рзы. Иара еиднакылоит: аполитикатә партиа "Амцахара" (анапхгаҩы — Алхас Кәыҵниа), асоциал-економикатә аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд "АԤРА" (апрезидент – Аслан Бжьаниа), ауаажәларратә еиҿкаара "Аҳәса аполитикаҟны" (анапхгаҩы – Ирина Агрԥҳа), ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" (анапхгаҩы – Ныгәзар Ашәба).

Ажәабжьқәа зегьы
0