Рауль Ҳаџьымба атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы аҳәамҭа ҟаиҵеит

© Sputnik Томас ТхайцукХаджимба: ИКЦ МВД – это возможность исправить положение дел в стране
Хаджимба: ИКЦ МВД – это возможность исправить положение дел в стране - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба атәылаҟны иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьазы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Аҳәамҭа шеибгоу шәаԥхьар шәылшоит Ахада иофициалтә саит аҟны.

АҞӘА, жьҭаара 21 — Sputnik. Атәыла Ахада иҳәамҭаҟны иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыла ареспублика ауаажәларра ауадаҩрақәа рацәаны ишырхыргаз атәы. Аха ажәлар ракзаара иалҵшәаны  аибашьраан аиааира алыршахеит, ажәлар ракзаароуп аибашьрашьҭахьтәи аамҭа уадаҩӡақәа риааирагьы алзыршаз, ахьыԥшымра азхаҵараҟынӡагьы ҳамҩа назгаз ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны иаиуит имаҷымкәа Урыстәылантәи афинанстә цхыраара. Аха угәы еиҵанархоит иара аиҳарак хықәкыла иахьныхымхаз. Џьоукы уи бзианы ирныԥшит, аха ҳауаажәлар реиҳараҩык рыԥсҭазаара шыҟаз иаанхеит", — ҳәа азгәаҭоуп атәыла Ахада иҳәамҭаҟны.

Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит иаҳзаарышьҭуа ацхыраара даара икылыршәшәааны ахархәара шахәҭоу, ҳекономика аизырҳара ишазырхатәу, аҳәынҭқарра еснагь аӡә унапы наимҵакуа ишузмыргыло.

Аслан Бжьаниа: маитәи асценари мап ацәаҳкуеит

"Ҳшьапы еиқәыршәны, аӡәы акы анбаҳаиҭо ҳәа ҳазтәаӡом. Сынтәатәи ашықәс иаҳнарбеит ҳҳәынҭқарра ишалшо хатә ԥхӡашала анхара", — ҳәа азиԥхьаӡоит атәыла Ахада.

Иара убасгьы дазааҭгылеит сынтәа аекономика аизырҳаразы иаараны иҟаз ацхыраара шаанкылахаз. Убри инадҳәаланы абиуџьет анагӡара ауадаҩрақәа жәпакы шацыз, аха иара убри аамҭазы ишалыршахаз ауал-шәахтәқәа ҵыԥх аасҭа 500 миллион мааҭ рыла еиҳаны аизгара.

"Ианаамҭоу ҳагымхаӡакәа аулафахәқәеи атәанчахәқәеи ршәара ҳаҿуп. Иҳалҳаршаз акәны иҟоуп  аусӡбарҭеи апрокуратуреи русзуҩцәа рулафахәқәа рышьҭыхра", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Иара иазиԥхьаӡоит иҟаҵоу маҷуп ҳәа, аха иара убри аан иазгәеиҭоит шықәсыбжак шаамҭарацәам агәҭакқәа зегьы рынагӡаразы.

"Аоппозициа иргәаԥхом атәылаҟны зхы зкыз аиҭакрақәа. Урыстәылеи ҳареи ҳаинырра акритика азыруеит иара убри аамҭазы рхаҭақәа уахь иааиԥмырҟьаӡакәа амҩа иқәуп. Уаҟатәи реиԥыларақәа раан агәра ддыргар рҭахуп дара иахьа Аԥсны анапхгараҿ иҟазҭгьы аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа шьаҭанкыла ишеиӷьхоз, хҷаҭла ҳажәлар чартәеиԥш ишыҟарҵоз. Имариоуп аӡә имал ала аҭхаџьра", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аконституциа инаҭаз азинмчра ихы иархәаны  Аԥсны аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларази ауаажәларра ршәарҭадарази илшо зегь шыҟаиҵо.

Ажәабжьқәа зегьы
0