Леонид Ӡаԥшьба: аоппозициа реизара ду аҟны азинеиҿкаара еиқәҳаршәоит

© Sputnik Томас ТхайцукМВД.
МВД. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа аҳҭнықалақь астадион аҟны имҩаԥысраны иҟоу аоппозициа реизара ду зинеиҿкаарала амҩаԥысра иахылаԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит Леонид Ӡаԥшьба.

АҞӘА, жьҭаара 21 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысраны иҟоу амассатә политикатә уснагӡатәқәа инарыдҳәаланы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рҿаԥхьа адҵа ықәыргылоуп аҳҭнықалақь адагьы атәыла зегь аҟны азинеиҿкаара аиқәыршәара ҳәа ҳкорреспондент аинтервиу лиҭеит аминистр Леонид Ӡаԥшьба.

"Апартиа "Амцахара" аҳәара ҟанаҵеит аизара ду амҩаԥгараан азинеиҿкаара ашьақәыргылара ацхыраара аҳҭарц. Иалшоны иҟоу ауснагӡатәқәа зегьы шьақәыргылоуп аизара ахьымҩаԥысраны иҟоу, ақалақьтә стадион аҟны", — иҳәеит аминистр.

Хаджимба: ИКЦ МВД – это возможность исправить положение дел в стране - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Иара иажәақәа рыла, ақалақь аҟны атранспорт аныҟәара аанкылам,  аусуратә режим инақәыршәаны зегь мҩаԥысуеит. Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә пунктқәа Миуссереи Кәыдри рҟны иалк-алкны автомашьынақәа гәарҭоит, аха уи  ААП (КПП) аҟны игылоу амилициаусзуҩ  инапынҵақәа рҳәаа иҭыгахом, иҳәеит иара.

"Зегьы ҳара ҳажәлар роуп. Сара зегьы иеиԥшны сырзыҟоуп. Ҳазегьы еибадыруа, еизааигәоу ҳауп. Ҳара ҳхымҩаԥгашьа азакәантә шьаҭа иахысуам, ҳтәылауаа  рзинқәа ҳахьчоит", — ҳәа азгәеиҭеит Ӡаԥшьба.

Жьҭаара 21 рзы, шьыжьаахыс ареспубликаҟны еилагарак азгәаҭам ҳәа инаҵшьны дазааҭгылеит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0