Апартиа "Амцахара" изаамҭанытәим аизара ду Аҟәа имҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСъезд "Амцахара".
Съезд Амцахара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аоппозициатә мчрақәа Реидгыла злахәу Ареспубликатә политикатә партиа "Амцахара" аизара ду аатит Аҟәа, астадион "Динамо" аҟны.

АҞӘА, жьҭаара 21 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны аоппозициатә мчрақәа Реидгыла злахәу Ареспубликатә политикатә партиа "Амцахара" аизара ду аатит Аҟәа, астадион "Динамо" аҟны ҳәа ааицҳауеит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Аизара иалахәуп апартиақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа. Аизара аиҿкааҩцәа аҳәамҭа ҟарҵеит излацәажәараны иҟоу атәылаҟны ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатәи асоциал-економикатәи ҭагылазаашьа шакәу.

Аслан Бжьаниа: маитәи асценари мап ацәаҳкуеит

Аизара ааиртит апартиа "Амцахара" аԥхьагылаҩцәа ируаӡәку Гарри Саманба.

Ҳкорреспондент игәаанагарала, еизаз рхыԥхьаӡара х-нызқьҩык инарзынаԥшуа иҟоуп. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аԥшьбатәи аҟәша  аиҳабы Мзиа Самсониаԥҳа лажәақәа рыла,  амилициа аусзуҩцәа  аҳҭнықалақь аҟны азинеиҿкаара рнапы иануп, аусурақәа мҩаԥыргоит иҭышәынтәалахьоу арежим инақәыршәаны.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа реидгыла аԥҵан 2015 шықәса ԥхынгәы 14 рзы. Иара еиднакылоит: аполитикатә партиа "Амцахара" (анапхгаҩы — Алхас Кәыҵниа), асоциал-економикатә аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд "АԤРА" (апрезидент – Аслан Бжьаниа), ауаажәларратә еиҿкаара "Аҳәса аполитикаҟны" (анапхгаҩы – Ирина Агрԥҳа), ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" (анапхгаҩы – Ныгәзар Ашәба).

© Sputnik Роберт ДжопуаСъезд "Амцахара"
Съезд Амцахара - Sputnik Аҧсны
Съезд "Амцахара"
Ажәабжьқәа зегьы
0