Ныгәзар Ашәба ижәлантәқәа ихьӡ-иԥша рыхьчоит

© Sputnik Роберт ДжопуаНыгәзар Ашәба.
Ныгәзар Ашәба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аижәлантәқәа Ашәаа ирыԥхьаӡоит Ныгәзар Ашәба хатәгәаԥхарала еибашьуаз рганахьала иарбанызаалак, угәы еихьызшьыша ак имҳәеит ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Аижәлантәқәа Ашәаа агәҭынчымра рызнарҵысит рашьа, Аԥсны еицырдыруа аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩ, Аԥсны аоппозициатә мчрақәа Рблок анапхгаҩцәа ируаӡәку Ныгәзар Ашәба ихьӡ акәша-мыкәша ауаажәларра рҟны иҟалаз аҭагылазаашьа ҳәа аҳәоит ахәаша, жьҭаара 23 рзы аижәлантәқәа иҟарҵаз аҳәамҭаҟны.

Ныгәзар Ашәба - Sputnik Аҧсны
Ныгәзар Ашәба: атәылауаа рыбзазараҿы аиӷьхара ҳәа акгьы рныруам

"Ҳполитикатә  гәаанагарақәа реиԥшымреи, иара ажәла аҩныҵҟа иҟоу  еиуеиԥшым агәаанагарақәа рымазаареи иахьмырԥшыкәа, иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа ибзианы еилкаауа, Ныгәзар Ашәба икәша-мыкәша иҟоу ацәажәарақәа зыхҟьазгьы ибзианы идыруа, иаҳҭахуп абри азҵаара аганахьала ҳгәаанагара ҳҳәар. Ҳалагап иара Ныгәзар Ашәба ихҳәааҟаҵарақәа рыла. Ауаажәларра рҟны еиуеиԥшым ацәажәарақәа ҳарзыӡырыҩны, изныкымкәа иара Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист изҵаара аҭакс иҟаиҵаз иҭак ныҭҵааны, инарҵауланы ҳахәаԥшны абасеиԥш иҟаз алкаа ҟаҳҵеит – Ныгәзар ихҳәааҟаҵара азеиԥш ҟазшьа аманы иҟан, изҵазкуагьы ҳашьцәа, Нхыҵ Кавказааи ҳареи ҳабжьара  уаанӡатәии иахьатәии ҳтәыла анапхгара ишьақәдыргыло аизыҟазаашьақәа ракәын", — ҳәа азгәарҭоит аҳәамҭаҟны.

Ажәла ахаҭарнакцәа, хаҭала, иара Ныгәзар Ашәбагьы, иазырыԥхьаӡоит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рганахьала Ашәба угәы еихьызшьыша иарбанызаалак ак имҳәеит ҳәа, аибашьраан урҭ хәы змаӡам рлагалагьы иԥаршеины даламцәажәеит ҳәа. Иара ииҳәаз арҭ аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы ирҿиалатәуп, уи аҵак ду аманы иҟоуп ҳәоуп. Ари зынӡа даҽакуп.

"Ҳара ҳахьахәаԥшуала, ауаҩы ииҳәаз еиҭакны, аҵакы ырхәанчаны ауаа ирызнагоуп. Асеиԥш иҟоу азҵаарақәа рҟны ари аҩыза зынӡаскгьы аҭыԥ амамзароуп. Аха иҟоуп аилкаара – аполитикатә қәԥара, иара убри аан иҟоуп аҽа еилкааракгьы —  ауаҩы, аԥсуа, атәылауаҩ  ихьӡ-иԥша ҳәа. Ҳара иалҳаршом аполитикатәи аинформациатәи технологиақәа рхархәарала  уи ихьӡ аҟьашьра", — ҳәа инаҵшьны иазгәаҭоуп аижәлантәқәа рхаҭарнакцәа иҟарҵаз аҳәамҭаҟны.

Дара ааԥхьара ҟарҵоит – аполитикатә мчрақәеи аиҿкаарақәеи, Ныгәзар Ашәба иажәақәа еилымкаакәа ирықәмыӡбаларц, избанзар уи иара ауаажәларраҿ ихьӡ ланарҟәуеит ҳәа иазыршьоит.

"Иахьа иҟоу аҭагылазаашьа иугәаланаршәоит ибзианы ихәшьаду  аполитикатә ҿаҵа, аха ҳара агәраа аагоит  аиҿкаарақәеи аполитикатә мчрақәеи "знапы цқьам" журналистцәақәак рыҽреиԥштәны рҽыҟарҵарым ҳәа. Ҳара иаҳҭахым, иагьалҳаршом ашәымҭак азы џьоукы ринтересқәеи рхи иазхәыцны ҳашьа ихьӡ аҟьашьра", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

Еиуеиԥшым Аԥсны аполитикатә мчрақәеи, апартиақәеи, аиҿкаарақәеи Ныгәзар Ашәба иганахьала акритика ҟарҵеит Аҟәа, жьҭаара 19 рзы, Аԥсны аоппозициатә мчрақәа Рблоки ауаажәларреи реиԥылараан хатәгәаԥхарала иааны Аԥсны еибашьуаз рганахьала иҟаиҵаз ахҳәаа кьаҿ ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0