Акциа "Агәы аԥхарра" шәҩык инареиҳаны рхы аладырхәит

© Sputnik Астанда АрдзинбаАкция "День добрых дел".
Акция День добрых дел. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳылылратә фонд "Кьараз" имҩаԥнагаз акциа "Агәы аԥхарра" шәҩык инареиҳаны рхы аладырхәит.

АҞӘА, жьҭаара 22 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Агәыҳылылратә фонд «Кьараз» имҩаԥнагаз акциа «Агәы аԥхарра» шәҩык инареиҳаны рхы аладырхәит лҳәеит Афонд анагӡаратә директор Кама Гоԥиаԥҳа.

"Хымш рыла имҩаԥаагарц ҳгәы изызҭаз акциа мчыбжьык рҟынӡа ицон. Ахалархәра зҭаххаз рацәаҩхеит. Даара агәахәара ҳнаҭеит ауаа апроблема змоу ирыцхраарц агәаҳәара ахьаадырԥшыз", — ҳәа азгәалҭеит Гоԥиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла агәыҳалалратә акциа рхы аладырхәит  Аҟәатәи ашколқәа жәаба рҵаҩцәа, аиҿкаарақәа, адәқьанқәа, Гагратәи ахәаахәҭратә центр «Континент» амаҭәа ҿыцқәа аанашьҭит.

Акция День добрых дел. - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рхы аладырхәит "Агәы аԥхарра" захьӡу акциа

"Ҳара ҳацхырааҩцәа абри аамҭақәа зегьы ауаа ирылаланы  иеизыргаз амаҭәа-аҩыҭәа абрахь иаҳзааргон. Ӡӷабк жәа-ҭаацәарак ирызхаша афатә-ажәтә ҳзаалышьҭит. Иахьа уажәраанӡагьы аҭел иаҳзасны амаҭәа ԥха аазго ыҟоуп", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Иахьазы афонд аусзуҩцәа  еизыргаз амаҭәа гәыԥла, сорт-сортла еизыркуеит ҳәа азгәалҭеит Гоԥиаԥҳа.

"Амаҭәа сорт-сортла аилыхра ҳалагеит, ҭаацәақәакгьы ирзынаҳашьҭхьеит. Еизыргаз амаҭәа акыр ирацәоушәа аабон, аха еихшаны аҭаацәарақәа ирзынаҳашьҭуа ҳаналага зегьы ишырзымхоз аабеит. Еизыргаз реиҳарак ма ахәыҷӡақәа ирнаалоит ма адуцәа. Ақәыԥшцәа рзы имаҷуп иҳамоу", — ҳәа ацылҵеит лара.

Афонд асиақәа рҟны 70 ҭаацәа арбоуп. Урҭ рзы амаҭәа аизгара ԥхьаҟагьы иацҵахоит лҳәеит Афонд адиректор.

Афонд "Кьараз" шьаҭаркуп 2015 шықәса мшаԥымзазы. Аиҿкаара аусура хацнаркит аволонтиортә акциақәа рыла Facebook адаҟьақәа рҟны. Иахьазы аусура мҩаԥнагоит ақыҭатә хадарақәеи ауаажәларратә активистцәеи дареи анырра рыбжьаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0