Аслан Бжьаниа: атәыла анапхгара рхымҩаԥгашьа инақәыршәаны ҳныҟәоит

© Sputnik Томас ТхайцукАслан Бжания.
Аслан Бжания. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд "АԤРА" апрезидент Аслан Бжьаниа апресс-конференциа мҩаԥигеит асабша, жьҭаара 24 рзы.

АҞӘА, жьҭаара, 24  – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны аоппозициатә мчрақәа Реидгыла ԥхьаҟа иҟаҵараны иҟоу атәы  ареспублика ауаажәларра иддырдырраны иҟоуп иаарласны иҳәеит Асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд "АԤРА" апрезидент Аслан Бжьаниа асабша, жьҭаара 24 рзы, апресс-конференциа анымҩаԥигоз.

Ҳаџьымба: аоппазициаа иқәдыргыло аультиматумқәа лҵшәадоуп

"Ҳара аоппозициатә мчрақәа Реидгыла ҳакәны ҳаҟоуп, убри азы иҟоуп ҳгәаанагарақәа ахьеиқәымшәо, аха Аԥсны аоппозициатә мчрақәа Реидгыла ԥхьаҟа иҟаҵараны иҟоу атәы ареспублика ауаажәларра идҳардырраны ҳаҟоуп иаарласны. Ҳәарада, ҳшьаҿақәа зегьы ишәа-иза иҟаҳҵоит. Уажә аусурақәа мҩаԥаагоит иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны, атәыла анапхгара рхымҩаԥгашьа ҳахьыԥшны", — иҳәеит иара.

Ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, афонд "АԤРА" анапхгаҩы иҳәеит уаанӡеиԥш уажәгьы атәылаҟны аҭагылазаашьа кризистә ҭагылазаашьоуп ҳәа ишишьо.

"Ҳара ҳгәы иаанагон аполитикатә партиа "Амцахара" аизара ду ашьҭахь иахьатәи атәыла анапхгара ирҭаххап ҳәа ҳаиҿцәажәара. Ҳара иаадыруеит Ахада ипозициа. Иара ҳара ҳадҵақәа мап рцәикит. Ҳәарада, уи иара иусуп, иара изинуп. Аха ҳтәылауаагьы ирымоуп рхатә зин. Ԥхьаҟа азин ишаҳәо еиԥш ҳныҟәоит. Ҳара амҩа иаша ҳақәуп", — иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ахаша, жьҭаара ҩеижәиак рзы астадион "Динамо" аҟны имҩаԥысит аоппозициатә партиа "Амцахара" изаамҭанытәим аизара ду. Иараҟны ирыдыркылеит арезолиуциа. Уа иаҳәоит Аԥсны анапхгара ажәлар ирҿагылоит ҳәа иԥхьаӡатәуп, амилаҭтә акзаара ззалмыршо, аҳәынҭқарра ишахәҭоу еиԥш ԥхьаҟа измырҿио ракәны ибатәуп ҳәа. Аизара алахәылацәа Рауль Ҳаџьымба игәра ргом атәыла ахадак иаҳасабала, убри инадҳәаланы иаарласны ԥхьатәара дцарц  идырҵоит.

Иара убасгьы дара  Апарламент иадыргалеит изаамҭанытәим алхрақәа еиҿнакаарц. Ирҳәо анакәымха ажәлар реизара мҩаԥыргарц ргәы ишҭоу рҳәеит. Иара убри амш аҽны Рауль Ҳаџьымба аҳәамҭа ҟаиҵеит имаҵзура ааныжьра игәы ишҭам азы.


Ажәабжьқәа зегьы
0