Аҟәатәи асааҭ аҭоурых аҟынтә

© Sputnik / Томас ТхайцукГородские часы.
Городские часы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә сааҭ 1950 шықәса рзы Иосиф Сталин идҵала ақалақь ҳамҭас иаҭан узҿыԥшышаз ацқьареи аиҿкаареи рзы.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik.

Москватәи ақалақьтә хеилак, 1917 — 1993 шықәсқәа рзы иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратәә мчра ҳәа иԥхьаӡаз,  1950 шықәса рзы Асовет Еидгылаҟны зегь раасҭа ицқьоу ақалақь ҳәа иазырыԥхьаӡеит Аҟәа. Абри ахҭыс инадҳәаланы Иосиф Сталин идҵала Аҟәа ианашьан абаахагылатә сааҭ.

Ақалақь аритм

Абар, уажәшьҭа ҩеижәижәба шықәса ирықәуп Леонид Нинимииаги амҿы мардуан ала Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра ахыхь иҟоу абаахагыла ашҟа дхалоижьҭеи, уа икыду, ақалақь шьанак еиԥш иазыҟоу асааҭ аусура аларгаразы. Ԥшьметра ԥшшьыркцак иҟоу ауада ҭшәаҟны иҩнагылоуп асовет аамҭақәа рзы иҭыжьыз, тоннабжак зкапануа асааҭ амеханизм.  Итрадициахаз асааҭҟаҵаҩ иритуал хә-минуҭк роуп иаго. Аҟаза инапаҵаҟа агрегат ду анап иану аамҭа-амҩа инықәлоит.

Леонид – еицырдыруаз асааҭҟаҵаҩ, аҟаза ду Иван Сангәлиа иҵаҩ иоуп. Иван Сангәлиа иакәын уаанӡа шықәсырацәала ари асааҭ аусушьа иахылаԥшуаз. Арҵаҩ ду иҟынтәи аҵаҩ иахь ииасит азанааҭ абзиабара.

"Раԥхьаӡа акәны абри амардуан ала абрахь схалеит 1986 шықәса рзы, Иван Ҭархан-иԥа сицны. Сара усҟан ажәбатәи акласс  салган амеханика адәқьан аҟны аусура салагеит. Уаҟоуп ҳахьеибадырыз Иван Ҭархан-иԥеи сареи", — ҳәа игәалаиршәоит аҟаза.

Аԥышәа ду змаз арҵаҩы иҵаҩы иирдырит асааҭ амаӡақәа.

"Асааҭ ақалақь иасимволуп. Асааҭ ду ныҟәонаҵы аԥсҭазаарагьы ашьшьы-шьшьыҳәа амҩа иқәуп", — ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

Аамҭа иақәымшәо асааҭҟазауаҩ

Абаашхагыла асааҭ амеханизм акәама-ҵамақәа рацәоуп. 

Урҭ еснагь ахылаԥшра рҭахуп. Амеханизмқәа лассы-лассы ихоит, урҭ ҷыдалатәи ахәша рыхьшьлатәуп. Асааҭ аҟаза изанааҭ аҷыдарақәа амоуп, инапы ласызароуп, имаҷӡоушәа иубогьы амеханизм ду ишахәҭаку дырны уацклаԥшлароуп. Аха ҳаҳҭнықалақь асааҭ хада аҟаза иус аҟны даара деиқәҷабзаргьы аԥсҭазаараҟны аамҭа дықәныҟәом, дақәшәом.

"Сара еснагь зегьы срыгхоит, уи сыздыруа ашьцылахьеит. Иара убри аамҭазы сус аганахьала аиҿкаара бзиа избоит. Џьара еиԥҟьарак ыҟазар, аремонт ҟасҵаанӡа сҭынчӡам. Иахьыз еилкааны иааибысымҭакәа саԥырҵӡом", —еиҭеиҳәоит Нинимиаги.

Агенералиссимус иҳамҭа

Ақалақьуаа рзы абаашхагыла асааҭ ақалақь иузаҟәымыҭхо акакәны иахәаԥшуеит. Иара инақәыршәан рсааҭқәа дырхиоит, иара аҵаҟа бзиа ирбоит аиқәшәарақәа. Аҟәатәи асааҭ аус ауанаҵы аԥсҭазаарагь изну ахыц иахыкәшоит. Ахаангьы, асааҭ аамҭеи анаӡаӡареи ирсимволны иҟоушәоуп зегь шахәаԥшуа. Аха ус иҟамызт еснагь.

Ақалақь зырԥшӡоу, Аиааиреи Леони рымҩадуқәа реихагаларҭаҟны игылоу ахыбра ду  1914 шықәса рзы идыргылеит. Ажәытә фотосахьақәа рҟны  иубоит иара – аҭаҭын фирма «Мир» ахыбрақәа ируакуп. Аха усҟан асааҭ ахагыламызт. Асовет аамҭақәа рзы ари ахыбраҟны иҟан Аусура ахан, нас – жәлар рдепутатцәа ақалақьтә Хеилак.

© Фото : из архива Анзора АгумааТабачная фирма "Табачная фирма "МИР".
Табачная фирма Табачная фирма МИР. - Sputnik Аҧсны
Табачная фирма "Табачная фирма "МИР".

Москватәи ақалақьтә хеилак, 1917 — 1993 шықәсқәа рзы иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратәә мчра ҳәа иԥхьаӡаз,  1950 шықәса рзы Асовет Еидгылаҟны зегь раасҭа ицқьоу ақалақь ҳәа иазырыԥхьаӡеит Аҟәа. Абри ахҭыс инадҳәаланы Иосиф Сталин идҵала Аҟәа ианашьан абаахагылатә сааҭ. Абри аамҭа инаркноуп ари асааҭ ақалақь ырԥшӡо аус ауеижьҭеи.

Аҳәара уадаҩуп иара ахаҭа ахьыҟарҵаз, асааҭҟаҵаҩ ихьӡгьы ҳаздырам. Акызаҵәык – асааҭ асовет аамҭақәа рзоуп ианыҟаҵаз.

Еидара ҳасабла ахархәара рымоуп агирақәа, шәкы-шәкы кьыла иҟоу. Ҩымш-хымш рыбжьара знык асааҭ аус аҳаруеит. Акурантқәа ес-сааҭ рыбжьы  ақалақь иалаҵәоит иҳәоит аҟаза.

© Sputnik Томас ТхайцукГородские часы.
Городские часы. - Sputnik Аҧсны
Городские часы.

Аамҭа бааԥс

Аҟәатәи асааҭ иара аҭоурых аҟны  иаангылахьеит ҩынтә. Раԥхьаӡа акәны иаангылеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан.

Аибашьра ашықәсқәа Аԥсны жәлар зегьы рзы ирыцҳараз аамҭақәан. Ақалақь зтәызтәыз ақырҭуа гвардееццәа ирбоз еимырҵәон, ахыбрақәа рбылуан. Ақалақь Ахадара еиқәхеит аха иахьанӡагьы асааҭ ациферблатқәа рҟны иубарҭоуп ахҭыԥқәа.

© Sputnik / Илона ХварцкияГородские часы.Механизм.
Городские часы.Механизм. - Sputnik Аҧсны
Городские часы.Механизм.

Аӷа импыҵакыз ақалақь  аҟны аҟаза Иван Сангәлиа еснагь еиԥш абаахагылахь дхалан асааҭ аус аируан. Зны агвардееццәа уа  дыҩнакны ишьра рҽазыршәеит аха анцәа иџьшьаны деиқәхеит. Убасҟан ҩымчыбжьа асааҭ аус ауамызт. Иван Сангәлиа абарҭқәа зегь рышьҭахьгьы игәаӷьит еиҭах иус азыхынҳәра. Асааҭгьы аӷа имшқәа ԥхьаӡо ашьшьы-шьшьыҳәа аҿынанахеит.

Асааҭ аусура еиԥҟьеит мызки бжаки раԥхьа.  Ахыцқәа еиҵахо иалагеит. Амеханизм шьҭыхны аус арура еиҭалаҳаргеит аха ибзиан иаҳбарҭахеит уиала ҳашзамыхәоз, акапиталтә ремонт шаҭахыз.

Аԥсҭазаара ҿыц

Леонид Нинимиагии Урыстәылантәи  иаарыԥхьаз аексперт Сергеи Ҭарбеи амеханизм аиҭашьақәыргылара нап адыркит. Хәҭа-хәҭала еимыршәшәаны, ари еиԥш иҟоу асааҭқәа рзы иаԥҵоу ахәшала ирыцқьан, иххаахаз ахәҭақәа иҿыцу рыла иԥсахны асааҭ аусура иаладыргеит. Аҩбатәи аԥсҭазаарагь арҭеит.

Сергеи Ҭарба иажәақәа рыла аҟәатәи акурантқәа рмеханизм ахаҭабзиара акыр иҳаракуп, уи иалнаршоит еиҭа акраамҭа еиԥҟьарада аус аура.

"Асааҭ, сааҭ бзиоуп аха ахылаԥшра аҭахуп. Усеиԥш ашьҭахь еиҭа акраамҭа аус аулашт", — иҳәеит иара.

© Sputnik / Илона ХварцкияГородские часы.Механизм.
Городские часы.Механизм. - Sputnik Аҧсны
Городские часы.Механизм.

Анаӡаӡара иацлабуа

Ақалақь Ахадара ахыбра акапиталтә ремонт азутәны иҟоуп. Аусуҩцәа иазгәарҭоит амҿлыхмаҭәахә аилабаара ишаҿу. Ахыбра шәышықәса инареиҳаны аремонт азырымуц. Раԥхьа иргыланы ахыб  хшәаны аҿыц ақәҵатәуп. Абраҟоуп, ахыб аҵаҟатәи ауадаҟны, асааҭ амеханизмгьы ахьықәгылоу.

Агәра аагоит ԥхьаҟагьы аҟәатәи акурантқәа инарықәыршәаны  рсааҭқәа дырхиалап ҳәа абиԥарақәа маҷымкәа. Иахәҭоу ахылаԥшра аиур ақалақь асааҭ хада аамҭа иацныҟәалашт акраамҭа ақалақь иасимвол хадаха.

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроспект Леона.10.06.2004.
Проспект Леона.10.06.2004. - Sputnik Аҧсны
Проспект Леона.10.06.2004.


Ажәабжьқәа зегьы
0