Амчреи аоппозициеи: атымитыша ахықә аҟны аибакра

© Sputnik / Томас ТхайцукВласть и оппозиция- схватка над пропастью.
Власть и оппозиция- схватка над пропастью. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитикатә кризис ҿыц ацәырҵреи иара аҽацәгашьас иамоуи ртәы далацәажәоит Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭела Акаԥҳа.

Наҭелла Акаԥҳа, Sputnik.   

Аҵыхәтәантәи амчыбжь ахҭысқәа ҟалар рылшоит аполитикатә кризис ҿыц азыԥхьазбо ракәны. Уи рхараны иҟалар рылшоит амчреиԥш аоппозициаагьы. Ижәытәиу иҿатәиу агәынҷыхьақәа, аполитикатә культура азымхара, аполитикатә диалог амҩаԥгареи аицәажәареи рылымшара акала еиднакылоит  иара убри аамҭазы иагьеиҟәнаҭхоит аганқәа.  Абри иалҵшәахеит акомандақәа рыҩбагьы  рҟны рхатәы  политикатә амбициақәа рыхьӡала атәыла аԥеиԥш ашәарҭара иазыхиоу ауаа рыҟазаара. Ашәарҭара ыҟоуп  2014 шықәса маимзатәи асценари изныкымкәа-иҩынтәымкәа  еиҭаҳәахап ҳәа, уиалагьы макьаназ акыр иқәыԥшу ҳҳәынҭқарра ашьаҭақәа ҵшәаахап ҳәа. Аҵыхәтәантәи амчыбжь ахҭысқәа иаԥырҵоит дежавиу аеффект. Ҳәарада, ари зегьы агәҭынчымра узцәырнамгар залшом.

Аоппозициа ашансқәа

Абас ахықә аҟынӡа ҳназгаз аҭагылазаашьа амзызқәа еиҿыршәшәаны урыхәаԥшыр иубоит Аԥсны ишышьақәгылаз аполитикатә традициа – ииааиз зегь имоуп, иаҵахаз – акгьы имам. Абас ала иаҵахаз аган аоппозициахь ианиаслак иарбанызаалак лшарак аиуам аӡбрақәа рыдкылара  апроцессқәа ахрылархәразы ма аҭагылазаашьа анырра аҭаразы. Аоппозициатә гәаанагара аҳәынҭқарратә АИХ (СМИ) рҟны иубом, иаабандаз ҳәа аинтересгьы рыманы иҟам. Ааигәа, дара рхаҭақәа, иахьа амчраҟны иҟақәоу, аоппозициахь ианыҟаз иазгәарҭон аҳәынҭқарратә телехәаԥшра ганкы мацароуп изыдгыло аоппозициа уахь инарышьҭуам ҳәа. Дара ракәын иааҟәымҵӡакәа Ауаажәларратә телехәаԥшра аԥҵатәуп  мамзаргьы АГТРК аҟны Ауаажәларратә хеилак аԥҵатәуп ҳәа  иқәгыланы изҳәоз. Амала иахьазы арҭ ацәажәарақәа аанкылахеит, уажәы – иахьатәи аоппозициоуп ателехәаԥшрахьы ҳазнеиуам ҳәа игәынқьуа.

Атәылаҟны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа ибзианы иунарбоит амчреи аоппозициеи реизыҟазаашьа. Авторитартә напхгараан амчра аоппозициа  цәшәарҭас иамоуп, аоппонентцәагьы  рыбзиарак рбарц рҭахӡам. Адемократиатә напхгараан  амчра аоппозициа  аполитикатә лахәылак еиԥш иашьоит, избанзар аҳәынҭқарра маншәаларыла аусуразы апартиақәа рҽеиҭныԥсахлара хымԥадатәны ишьоуп. Убас, Британиа ду аҟны, апарламенттә лхрақәа рҟны аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз аоппозициатә партиа иаиуеит ахьӡ «Лара лаҳаракыра л-оппозициа», апартиа аԥхьагыла иакәзар акралԥҳәыс лҟынтәи аџьамагьар иоуеит. Ари апартиа еиҿнакаауеит "ашәшьыратә кабинет". Иара алахәылацәа иааиԥмырҟьаӡакәа хылаԥшра арҭоит анапхгара ашьаҿақәа, рҳәоу анеиқәымшәо акритика азыруеит, ахатәы вариантқәа аларгалоит иарбанызаалак азҵаара аӡбразы. Убри азы "ашәшьыратә кабинет" анапхгарахь инеир, аминистрцәа  шиашоу анапхгаратә министртә ҭыԥқәа роуеит.

Урыстәыла аҽа политикатә традициоуп ишьақәгыланы иҟоу. Араҟа "асистематә оппозициа"  амчра аус ацнауеит, еиуеиԥшым амчратә структурақәа ирылахәуп. Иҟахуп "исистеманҭыҵтәу аоппозициагьы". Уи  амчра змоу анапхгара  аус рыцнауам, избанзар зынӡаскгьы рҳәоу еиқәшәом азы.

Ақәԥара аметодқәа

Асовет аамҭа ашьҭахь ишьақәгылаз тәылақәак иреиԥшымкәа Аԥсны алаҽхәар алшоит илегалу аоппозициа ахьыҟоу, аполитикатә шьҭашәарақәа рыла иҭаку ауаа ахьыҟам.  Аха ҳара ҳдемократиатә традициақәа реиқәырхара адагьы ирӷәӷәалатәуп. Убри азы амчрақәа реиԥш аоппозициагьы аиҿагыларатә бызшәа иацәхьаҵны адиалог ахь ииасыроуп. Амитинг ацынхәрас амитинг еизго, нас уаҟагьы анаҟагьы заҟаҩ алахәылацәа ыҟаз ԥхьаӡо, убри ашьаҭала алкаақәа ҟаҵо аоппозициагьы амчрагьы  ауаажәларратә еиҟәшара еиҳартәуеит, аҭагылазаашьагьы хырхарҭак рзамҭо  инаргоит. Иарбанызаалак амитинг жәлар реизароуп ҳәа иахәаԥшуа иалагар,  итрадициатәу ҳполитикатә культура иахәҭаку жәлар реизара аидеиа аҳаҭыр лаҟәыр алшоит.

Ахаршҭра залшом – жәлар реизара, ари  амилаҭтә акзаара, абызшәеи акультуреи реиқәырхара иреиԥшу  амилаҭтә проблемақәа ашәарҭара анрымоу аамҭазы ажәлар еидызкыло  акакәноуп ишахәаԥштәу. Иҟан жәлар реизарақәа аԥсуа ҳәынҭқарра алигимитациа иазырханы. Убас, 2006 шықәса, ԥхынҷкәын 6 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҟны жәлар реизара мҩаԥган. Иараҟны  ирыдкылан Аԥсуа жәлар Урыстәылатәи Афедерациахь,  адунеи ажәларқәа зегь рахь, ООН Ашәарҭадаратә Хеилак ахь, ООН Ассамблеиа хадахь рхы нарханы иҟарҵаз аҳәамҭа – Аԥсны Аҳәынҭқарра азинтә зхаҵара арҭаразы. Иҟоу ауаажәларратә еиҟәшараан ажәлар реизара амҩаԥгара ҭакԥхықәрадоуп ҳәа иазысыԥхьаӡоит.

Аоппозициа аусураҟны ахы ианархәар алшоит  еиуеиԥшым аметодқәа. Адемократиатә тәылақәа рҟны аоппозициа иамоуп  азин  амчра акритика азуразы, АИХ (СМИ) аҟынгьы, алхратә компаниақәа рымҩаԥгара, агәрамгараз авоттум ақәыргылара, атәыла ахада аимпичминт изуразы ажәадгалара. Аконструктивтә оппозициагьы анапхгара  имҩаԥырго аусура аҩыза аусура мҩаԥнагалароуп – аҿиара апрограммақәеи астратегиақәеи аус рыднаулалароуп, еиҳа иҵару апроблемақәа ирылацәажәалароуп, азакәан апроектқәеи аконцепциақәеи азнархиалароуп. Идыру акоуп урҭ зегьы ақьаад аҟны мацара ишынхо, аха ажәлар ироуеит алшара аиҿырԥшразы, атәыла еиҳа афеида азҭоу иалкаараҿы. Иҟәышу амчра иалшоит еиҳа иналукааша аоппозициа  аидеиақәеи азнеишьақәеи ахрархәара. Еиҳагьы еиӷьуп аоппозициа иара акомандахь иаанаԥхьар. Ушьҭантәи алхрақәа раангьы аоппозициа  алшарақәа еиҳаны иаиушт ишахәҭоу еиԥш аус анауа.

Араҟа уалацәажәар ауеит  раԥхьаӡатәи аԥсуа оппозициатә еиҿкаара "Аиҭаира" аԥышәа. Иара имҩаԥнагон абарҭ хыхь зыӡбахә ҳәоу аусурақәа зегьы – иаман ахатәы орган, амчра акритика рызнауан, апрограммақәа аус рыднаулон, имҩаԥнагон асоциологиатә зҵаарақәа. Амала, усҟантәи аоппозициа ателехәаԥшрахьы изнеиуамызт рҳәатәы рыманы, аха русура Аконституциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахы мҩаԥнагон.  Аамҭақәак рышьҭахь, усҟантәи аамҭазтәи мчрақәак згәабзиара уашәшәырахаз атәыла Ахада дамхны алхра ҿыцқәа мҩаԥгатәуп анырҳәа "Аиҭаира"  усеиԥш ҟалашьа амам, алхрақәагьы ианраамҭоу имҩаԥгатәуп ҳәа иқәгылеит.

Аполитикатә культуразы

Ҳҳәынҭқарра азхарҵаразы адунеи ажәларқәа ааԥхьара раҳҭаанӡа шәааи, ҳара ҳхаҭа иазхаҳҵап ҳҳәынҭқарра. Уи иаанаго  атәылауаа зегьы ҳзакәанқәа инеибанеиԥшны пату рықәырҵалароуп ауп. Макьаназы, угәы шунархьуагьы  абри аганахьала  ҟаҵа ҳамам. Иаагап ҿырԥштә хәыҷык: автомашьынала аныҟәараан  ахьчагатә маҟақәа ахархәара раҳҭаларц азакәан аҟны иарбоуп, аха  уи еилазго рацәаҩуп. Ҳара ҳхала ҳхатәы закәан еилаагоит. Иара убри аамҭазы аурыс-аԥсуа ҳәаа анеихаҳҵәа ашьҭахь  уи аҩыза азакәан уатәи аганаҟны ҳақәныҟәоит. Ари, ус рбагак акәны аӡбахә сҳәеит.

 Иахьазы Аԥсны ишьақәгылам  аполитикатә культура ҳәа изышьҭоу аҭагылазаашьа. Азакәан шьаҭа зманы иалху Ахада аӡәы дигәамԥхозар, уи ԥхьатәара дрышьҭуеит, ианаму ма ииехсуеит. Амчреи аоппозициеи аультиматум абызшәала еицәажәоит, рыдгылаҩцәа дырбыжкуеит. Анапхгараҟны иҟоугьы аоппозициаҟны иҟоугьы рыгхақәа рбара рҭахым. Асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа абааԥсрахьы икылнагар алшоит ҳажәлар.

Иубартә иҟоуп аҭагылазаашьа еиӷьхар шалшо ауаа зхатәы амбициақәа идырхагаз џьоукы рыкәша-мыкәша аҽеидкылара ианаҟәыҵлак. Аҽеидкылара аҭахны иҟоуп ҳтәыла акраамҭа излымҵыз аполитика-економикатәи аидеологиатәи кризис аиааира зылшо аидеиақәеи астратегиақәеи рыкәша-мыкәша заҵәык.


Ажәабжьқәа зегьы
0