Аԥсуа школхәыҷқәа Санкт-Петербургынтәи ихынҳәит

© Sputnik Роберт ДжопуаУчастники образовательной экскурсии вернулись из Санкт-Петербурга
Участники образовательной экскурсии вернулись из Санкт-Петербурга - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҵара-рккаратә ныҟәара "Мшыбзиа, Урыстәыла!" иалахәыз аԥснытәи ашколхәыҷқәа ирԥылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура ахаҭарнакраҟны.

АҞӘА, жьҭаара 27, Sputnik, Роберт Џьапуа. Арҵара-рккаратә ныҟәара «Мшыбзиа, Урыстәыла!» иалахәыз аԥснытәи ашколхәыҷқәа ирԥылеит  Аԥсны иҟоу  Урыстәыла аус ацура ахаҭарнакраҟны.

Сынтәа еиҿкаан арҵара-рккаратә ныҟәара Санкт-Петербург ақалақь ахь ҳәа еиҭалҳәеит  ареспубликаҟны иҟоу Урыстәылатәи акультуратә центр ахантәаҩы Наталиа Каиун.

"Ҳара иахьа еилаҳкаар ҳҭахын арҭ аныҟәарақәа ахәыҷқәа ирырҭаз атәы. рхазы иҿыцны еилыркааз, раԥхьаҟа рҵара Урыстәыла иадырҳәалар рҭаху ара иаангылоу, гәҭакқәас ирымоу аадырырц иааҳаԥхьеит", — лҳәеит Каиун.

Аныҟәара алахәылацәа руаӡәк, Денис Аҩӡба Sputnik акорреспондент  изеиҭеиҳәеит Санкт-Петербург раԥхьаӡа акәны дшаҭааз.

"Сара раԥхьаӡа акәны Санкт-Петербург збеит. Ақалақь акыр иԥшӡоуп. Ҳныҟәарақәа даара аинтерес рыҵан. «Ленфильм» ахь ҳныҟәара зегь реиҳа иинтересын. Ҳара уаҟа иаҳзеиҭарҳәеит акино шҭырхуа, ԥҟаррақәас иҟоу. Апавилион ҳныҩныга-ааҩныган иаҳдырбеит", — иҳәеит Аҩӡба.

Алика Џьапуаԥҳагьы раԥхьаӡа акәны даҭааит  ари ақалақь.

"Санкт-Петербург ҳәарада Урыстәыла иакультуратә ҳҭынроуп ақалақь аҭоурых-цәа аҟәнуп. Ҳара еиуеиԥшым аҭыԥқәа ҳдырбеит. Зегь раасҭа исгәаԥхеит  Екатерина лпарки Царское село ҳәа изышьҭо аҭыԥи. Ирацәаӡаны амузеиқәа ҳарҭааит. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп асеиԥш алшара ҳазҭаз зегьы", — инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Есышықәсатәи аҵара-рккаратә ныҟәарақәа «Мшыбзиа, Урыстәыла!» иалахәхеит 18-ҩык ашколхәыҷқәа. арҭ ахәыҷқәа реиҳараҩык уаанӡа ареспубликатә олимпиадақәа, аконкурсқәа ирлахәылацәан. Санкт-Петербургӡа ныҟәара ацаразы Урыстәыла аус ацура ахаҭарнакра иалнаԥшааит аурыс бызшәеи алитературеи Аԥсни Урыстәылеи ргеографиазы ролимпиадақәа  рҟны аиааира згақәаз.


Ажәабжьқәа зегьы
0