Манана Шамԥҳа: ҳкапелла иаанартит Пицундатәи ауарӷантә зал аконцерт

© Фото : страница Мананы Шамба в FacebookВыступление Мананы Шамба.
Выступление Мананы Шамба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундатәи ауарӷан 40 шықәса ахыҵра аамҭазы Аԥсны жәлар рартистка, Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Манана Шамԥҳа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит Пицундатәи ауарӷан аартратә концерт лалахәра атәы.

Аԥсны жәлар рартистка, Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистка, Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи  аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа арҵаҩы Манана Шамԥҳа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит Пицундатәи ауарӷан аартратә концерт лалахәра атәы. Аиҿцәажәара мҩаԥигон Бадраҟ Аҩӡба.

- Иаҳзеиҭашәҳәа раԥхьаӡа ауарӷан ацмҩаԥгарала Пицундатәи ауахәамаҟны шәықәгылара атәы.

- Акопеллахь сара снеиит 1974 шықәса рзы. Ҳәарада сара ибзианы исгәалашәоит германиатәи афирма "Schuke"  1975 шықәса рзы Пицундатәи ауахәамаҟны ауарӷан анықәнаргылоз. Аԥсны акультуратә ԥсҭазааразы ари аҵак ду змаз хҭысын. Ауарӷан абжьыцқьала еиԥшу аҽаџьара иҟам. Ҳхортә капелла ахы аланархәит ауарӷан раԥхьатәи аконцерт. Аконцерт иара убасгьы иалахәын  афилармониа артистцәа, ауарӷанарҳәаҩцәа.  сара сгәы иаанагоит урҭ аамҭақәа иреиӷьыз аамҭа ыҟамызт ҳәа акультура аизҳара аганахьала. Усҟантәи аамҭазы аидгылатә республикақәагьы зегьы ирымамызт ауарӷан. Пицунда еиԥшу аҭыԥ аҟны ауарӷан амазаара ҳәарада аҵак ду аманы иҟан.

- Ауарӷантә зал аҟны аконцерт аҽазыҟаҵарақәа шԥамҩаԥысуаз?

- Ҳара дҳаман адирижиор хазына – Вадим Анатоли-иԥа Судаков. Аколлектив зегьы рзы  аҽазыҟаҵарақәа аҵак ду рыман. Аколлективқәа, асолистцәа, амузыкантцәа рацәаны ианеизго аҽазыҟаҵарақәа еснагь иуадаҩны ицоит. Лассы-лассы Пицунда ҳцаны ҳҽазыҟаҳҵон, иҟан уа ҳанаанхозгьы. Ҳәарада арҭ зегь ауадаҩрақәа рыҵан. Аконцерт аҭакԥхықәра ду аҵан. Уахь инеираны иҟан  апартиатә усзуҩцәа, атәыла аиҳабыра. Ибзиан исгәалашәоит аконцерт аԥхьа сқьышәқәа шҵысуаз, сыбжьы аҭыгара шысцәыцәгьаз.

- Ахәаԥшцәа ишԥарыдыркылеи раԥхьатәи аконцерт?

- Аҭыԥантәи апубликазы ауарӷан азыӡырыҩрра екзотикак еиԥшын. Ус шакәызгьы иаразнак ирыдыркылеит, иргәаԥхеит. Аконцерт иалахәын, ҳкапелла, асимфониатә оркестр, афилармониа асолистцәа, еицырдыруаз ашәаҳәаҩцәа хазынақәа Лиудмила Логуаԥҳа, Ардашьыл Аҩӡба, Борис Амҷба, Қарҭынтәи амузыкарҳәаҩцәа. Усҟантәи аамҭазы ауарӷанарҳәаҩцәа аԥсуаа азырхианы иҳамамызт. Пицундатәи ауарӷан раԥхьаӡа иазырҳәаз иакәны дыҟоуп Гарик Кониаев. Уи иахьа Германиа дынхоит.

- Ҷыда ҟазшьақәас иамоузеи Пицундатәи ауахәамаҟны аинструмент?

— Амузыкантцәа зегьы еицҿакны иазырыԥхьаӡоит Пицундатәи ауарӷан Европа иҟоу аинструментқәа зегьы иаарылукаауа иҟоуп. Ҳара акырынтә Европаҟа гостроль ҳасабла ҳцахьеит. Агәра шәсыргоит ҳара ҳуарӷан аасҭа еиӷьу џьаргьы ишысымбац.

- Шәара шәышԥарыхәаԥшуеи иҟоу ацәажәарақәа – ауарӷан ауахәамаҟынтәи иқәгатәуп, иаразы хазы иргылатәуп аконцерттә зал ҳәа?

— Ауарӷан ауахәама акустика иақәшәо иқәыргылоуп. Иара аҽа хыбрак ахь ииаугар асеиԥш абжьы ахалом. Ауарӷанқәа рхатәы ҷыдаҟазшьақәа рымоуп. Ари роиальым, ишуҭаху иануҭаху ииауго. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ауахәама аусзуҩцәа рҭахрақәа, еилаҳкаауеит ауахәамаҟны ауарӷан ишаҭыԥым аха иҟоу ыҟоуп. Ус анакәха иҟоу еиқәырхатәуп. Пицундатәи ауахәама ареспубликаҟны акстикатә зал змоу хыбра заҵәыкны иҟоуп. Насгьы атуристцәа, ақалақь асасцәа рзы Пицундеи ауарӷани  иаку акакәны иҟоуп. Ауарӷан ада ақалақь аӡәыӡ дуқәа аиуеит, ихаҿыдахоит.

- Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны ауарӷан арҳәашьа зҵо ахәыҷқәа ҳамоума?

- Уаҟа ҳара ахәыҷқәа идҳарҵоит афортопиано арҳәашьа. Нас, ԥхьаҟа урҭ ирылшоит аурӷан арҳәарахьы аиасра. Арҵаразы ауарӷан маҷ ҳаман ҳаҟазар ҳусқәа акыр иарманшәалон аха усеиԥш аҭагылазаашьа ҳаманы ҳаҟам.

- Ареспублика егьырҭ ауахәамақәа рҟны ауарӷан ацәырҵра шәышԥахәаԥшуеи?

- Иҟан ацәажәарақәа Аҟәа, акатоликцәа руахәамаҟны  ауарӷан ықәыргылахоит ҳәа. аха азал ахышәа-ҵышәа ахьмаҷу иахҟьаны ари аидеиа мап ацәктәхеит. Сара сгәы иаанагоит уи азал иара иақәнагоз ауарӷан ықәургылар ауан ҳәа. Хымԥада агәра згоит асеиԥш иҟоу аинструмент ҳаԥсҭазаара аиӷхара анырра шанаҭоу азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0