Аибашьраан зыфрак ар рымаҭәала изыԥсахыз Виачеслав Аиба изку ажәабжь

© Sputnik / Илона ХварцкияАстамур Айба.
Астамур Айба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацнаҵоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ Виачеслав Аиба иҭоурых.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik.

Виачеслав Аиба шьҭрала Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭантәиуп. Аибашьра ианалага,  Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи Аԥсны асимфониатә оркестри рдирижиор хада, асахьаркыратә напхгаҩы иконцерттә маҭәа – афрак иԥсахит армаҭәала.  Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа днарывагылеит раԥхьатәи амшқәа инадыркны.

1992 шықәса хәажәкыра 8 рзы Руслан Габлиа иҭихыз  асахьаҟны ҳара даабоит аԥсуа ар реибашьҩы. Дшааԥсоу зныруа аха зхаҿы ҭынчрак ықәу ахаҵа раԥхьаҵәҟьа идырра уадаҩуп. Идырра уадаҩуп ари Виачеслав Аиба иоуп ҳәа.

Эркан Кутарба, ветеран войны - Sputnik Аҧсны
Еркан Қәҭарба: аибашьра иаҳцәагаз маҷым, аха иаҳзаанагаз акыр еиҳауп

Еицырдыруа ари ауаҩ иҭоурых акыр иҭбаауп, иҵаулоуп.  Итәылаҟни аҳәаанырцәи  бзиа еицырбаз, зҟазара рыдыркылаз, ззанааҭ бзиа избоз, аҭаацәа еиқәшәа шьақәзыргылаз, аҩызцәа бзиақәа зырҳаз Виачеслав Аиба илахьынҵа ианылеит аибашьратә аамҭақәагьы. Аибашьра – иԥсҭазаара  иаци уаҵәи ҳәа иеихызшаз. Иконцерттә фрак ааишәыхны ар рымаҭәа ишәызҵаз. Абџьар изыркыз.

Ҳара ҳахьымӡеит Виачеслав Аиба ҳнаидтәаланы иҭоурых, инысымҩа азыӡырыҩрра. 2014 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иара идгьыли ижәлари дрыԥхеит. Иахьа, иара ианиирамшу аҽны, жьҭаара 28 рзы, иԥсы ҭаны дыҟазар 67 шықәса анихыҵуаз амш аҽны ҳалацәажәоит иҭоурых. Уи атәы ҳзеиҭеиҳәоит Виачеслав иԥеиҳаб Асҭамыр.

Аҟазарахь абзиабара дшыхәыҷыз инырит

Виачеслав иԥеиҳаб Асҭамыр игәалаиршәоит иаб иҟазшьақәа: иҭынчра, имыццакра, иуаҩра. Абарҭ аҟазшьақәа иҵибааит асахьаҭыхыҩгьы.

"Зегьы ирыцкны иҿысҵааз ачҳароуп. Иара даараӡа ачҳара иман, аӡәы ак имакра бзиа ибомызт. Дтатан ҟазшьала", — иҳәоит Асҭамыр.

Аԥсҭазаараҟны Виачеслав Аиба дыздыруаз зегьы иеилыркаауеит аԥа дызлацәажәо. Абри ауаҩ изы аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа еиуршәа, агармониа зегьы ирыцкын. Иԥсҭазаараҟны зегьы ирхаданы ибон аҭынчра – адунеи аҟны, аҩнраҟны, ухы-угәаҟны. Аӡәгьы игәалашәом знымзар-зны ибжьы ҭыганы дцәажәо, аӡәы диқәымчуа. 

Алик Габниа - Sputnik Аҧсны
Алик Габниа: Инга афырхаҵа игәы зызҭаз ҭыԥҳан

Виачеслав Аиба диит 1948 шықәса жьҭаара 28 рзы Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан. Ари ақыҭоуп дызлыҵыз Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәыла Александра Наӡаӡеԥҳа. Ари ақыҭа иара убасгьы иалҵит еицырдыруа ауаа.

Виачеслав игәылацәан  артистцәа дуқәа Владимир Кәакәасқьыр, Вили Чақмач-иԥа. Ихәыҷаахыз еиҩызцәаз аԥыхьаҟагьы рымҩа еицылеит, Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капеллаҟны еицыҟалеит. Иахьазы урҭ рырҿиамҭа ареспубликаҟны ибзианы еицырдыруеит, рашәақәа ракәзар ажәлар ирылаҵәан иҟоуп.

"Аҭаацәа рҟны еснагь амузыка абзиабара аҭыԥ аман иҟан. Агәылацәа, аҩызцәа, ауа-аҭахы анааизоз ашәақәа рҳәон", — ҳәа еиҭеиҳәоит Асҭамыр, Оҭҳаратәи амузыкатә хәылԥазқәа игәаларшәо.

Ражьден Гәымба  напхгара зиҭоз Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль Оҭҳара инеины ақәгылара иҳәаақәнаҵеит Виачеслав Аиба ԥхьаҟатәи имҩа. Иара иӡбеит хымԥада дмузыкантхарц.

1966 шықәсазы, Оҭҳаратәи абжьаратә школ даналга Виачеслав дҭалоит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа. Аҵара аниҵоз аамҭақәа рзгьы иара далагахьан  амузыкатә ҵараиурҭаҟны еиҿкааз аоператә студиаҟны. Хышықәса ааҵуаны аусура далагеит Аҳәынҭқарратә хортә капеллаҟны.

Виталий Тарба - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран Ҭарба: ақәыԥшцәа аԥхьа игылан

Аамҭақәак рышьҭахь дҭалеит Сараджишвили ихьӡ зху Қарҭтәи  аҳәынҭқарратә кансерваториа.  Акансерваториа даналга, 1975 шықәса рзы иара аррамаҵзурахь иԥхьоит. Аррамаҵзура дахысуан Германиа, леипциг ақалақь аҟны. Аҩныҟа даныхынҳә аусура далагоит Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капеллаҟны дирижиорс. Усҟантәи аамҭазы акапелла анапхгаҩыс дыҟан Вадим Судаков.

Зҟазара акыр иҳаракыз Судакови ҿыц аусура иалагаз Аибеи русеицура алҵшәа бзиақәа аанашьҭит. Ииҵахьаз азмырхакәа Виачеслав Аиба Ленинград астажировка дахысуеит уи адагьы  СССР жәлар рартист Одиссеи Димитриади инапхгарала аопера-симфониатә дирижиорр акурсқәа дырхысуеит. Иара идыргалеит  Кировтәи атеатр аҟны аусура аха адирижиор ҿа иԥсадгьыл ахь дхынҳәит идыррақәа иманы.

1981 шықәса рзы Виачеслав Аиба Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла асахьаркыратә напхгаҩыси адирижиор хадаси дҟарҵоит. Ари аҭыԥ аҟны иара диԥсахит Вадим Судаков. Ахортә капеллаҟны Аиба аус иуит 11 шықәса инарзынаԥшуа.

Аиба иаԥшьгарала акапелла арепертуар иалагалахеит  Моцарти Верди рреквиемқәа, аԥсуа жәлар рашәақәа, Ражьден Гәымба, Алықьса Чычба, Константин Ченгьелиа, тото Аџьапуа рашәақәа, рырҿиамҭақәа. иара убри аамҭаз аус иуан Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр адирижиорсгьы.

Аибашьра артист иԥсҭазаара аԥсахрақәа аланагалеит

Аԥсныжәлар зегь реиԥш Виачеслав иԥсҭазаарагьы аибашьра шьаҭанкыла иаԥсахит. Ҽеи шыҟамлоз уаанӡатәи ашықәсқәа рызгьы иубартә иҟалахьан.

"Сара ибзианы исгәалашәоит 1989 шықәса, усҟан аҭыԥ змаз ахҭысқәа – еиҭеиҳәоит Асҭамыр Аиба. – Саб  дцәыҟьҟьа-цәыԥԥы аҩныҟа дааит. Сара иазҵаара салагеит иҟалазеи ҳәа. Егьи саб иаԥхьаҵәҟьа икаҳаз хаҵак дрыцҳашьан диламкьысызт, икаҳаз дҩаҵҟьан саб иеисра далагазаап".

© Foto / из личного архива семьи АйбаДирижер Вячеслав Айба.
Дирижер Вячеслав Айба. - Sputnik Аҧсны
Дирижер Вячеслав Айба.

1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы Виачеслав Аиба  иԥеиҳаб диман Ауадҳара иԥсы ишьон.

"Ҳара ашьха ԥсшьара ҳаҟан. Аԥсыӡкра ҳаҿын. Апансионат ахь ҳаннеи аибашьра ишалагаз ҳарҳәеит. Сара Оҭҳара сааныжьны саб иаразнакы Аҟәаҟа дааит. Сани  сашьеи  Гәдоуҭаҟа ииаганы иара аибашьцәа днарылагылеит", ҳәа еиҭеиҳәоит Асҭамыр Аиба.

Игәалашәараҟны наӡаӡан иаанхоит  иаб аҩныҟа даннеилоз. Уи даара имаҷны аԥсшьара иоуан, мышкы-ҩымш ракәын, нас иҩызцәа рахь дхынҳәуан.

"Аҟазара знапы алаку ауаҩ изы абџьар ашьҭыхра акыр иуадаҩуп. Аибашьра ауаҩы ихы-игәы зегь аазырҳәуа, деиҭазкуа хҭысуп. Уԥсадгьыли ужәлари шухьчогьы ауаҩытәыҩса ишьра  - уԥнаҽуеит. Аиҳаракгьы аҟазарауаа. Урҭ аԥсҭазаараҟны зынӡа аҽакала ихәыцуеит. Саб убри акырынтә далацәажәахьан аибашьраан", —еиҭеиҳәоит Асҭамыр.

© Foto / Афиша Вячеслав Айба. Архивное фото
Афиша Вячеслав Айба. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Афиша Вячеслав Айба. Архивное фото

Иара еснагь ицәыцәгьан аибашьра алацәажәара

Виачеслав Аиба иҩызцәа – амузыкантцәа, актиорцәа, асахьаҭыхыҩцәа рызегь аибашьрамца иалагылан. Урҭ рҩызцәа ауаа рыхьчара рҽазыршәон ирывагылаз. Ишәарҭаӡаз аоперациақәа рахь ирмышьҭырц иалагон. Виачеслав изныкымкәа еиҭеиҳәахьан икомандир  Виачеслав Анқәаб марттәи ажәылараан  иҽалаирхәыр шимуз.

"Урҭ амшқәа рзы иҭахаз рацәаҩуп. Саб иҳәалон Виачеслав Анқәаб иакәымзар иԥсы ҭаны дыҟамзаргьы шыҟалоз",- иҳәоит Асҭамыр Аиба.

Асҭамыр иажәақәа рыла иаб аибашьра алацәажәара бзиа ибомызт. Агәалашәара иҽацәихьчон. Зегь реиҳа иҭахаз ргәаларшәара ицәыуадаҩын.

"Иара исзеиҭеиҳәон Ачадара, армарахьтәи аӡԥшаҳәаҟны ҳаибашьцәа амацәаз ишҭаркыз. Иршьыз ирхәз шырацәахаз, ирыҭҟәазгьы шыҟаз иныҭкааны исзеиҭеиҳәарц саниҳәалак мап сцәикуан", — ациҵоит Асҭамыр.

Аҭынч ԥсҭазаара азыхынҳәра

Аибашьра ашьҭахь Виачеслав Аиба иусура иациҵеит.  Ҳәарада еилаԥыххаа иҟаз атәыла аҟазара знапы алакыз ауаа ишрықәнагаз рныҟәгара алшомызт. Рҭаацәа рныҟәгаразы  џьара аҽа ускгьы рнапы аларкыр акәын.

"Иареи сареи иҳаман аидеиа — афеихо аиҭаҳара. Лассы-лассы дысзаауан. Дсыцхраауан. Даара аџьа аабон. Иахьазы урҭ афеихо-ҵлақәа еинҭәыла иҟаланы иҟоуп» ҳәа еиҭеиҳәоит Асҭамыр Аиба.

© Фото : из личного архива семьи АйбаДирижер Вячеслав Айба с семьей.
Дирижер Вячеслав Айба с семьей. - Sputnik Аҧсны
Дирижер Вячеслав Айба с семьей.

Аби аԥеи аамҭа рацәаны еицырхыргон. Еиҩызцәан. Иҟарҵоз еицыҟарҵон. ԥхьаҟазы апланқәа ирызхәыцуан.

"Ҳара даара ҳагәра еибагон. Иарбан темазаалак ҳалацәажәар ҳалшон. Акгьы еицәаҳҵәахуамызт. Ауаа еснагь аԥарарҳара иазгәаҟуеит. Иара ус иҟаз уаҩымызт. Иара изы аԥара ихадоу акәны дахәаԥшуамызт. Сара еснагь иазыԥхьагәасҭон иҟаҳҵоз иаҳнаҭашаз. Алҵшәа здыруазар сҭахын. Саб изы алҵшәа аҽакын, аҽакны дахәаԥшуан", — иҳәеит Асҭамыр.

Виачеслав ицәыӡра аҭаацәа рзы акыр иуадаҩхеит. 2014 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, иаалырҟьан иԥсҭазаара далҵит. Асҭамыр игәалаиршәоит уи аҽны узыцәшәаша ҳәа акгьы шидрымбалоз.

"Сара авокзал аҟны сааныжьны дцеит. Аҟәантәи Гәдоуҭа сымнаӡацызт аҭел иасны иҟалаз ансарҳәаз", — игәалаиршәоит Асҭамыр.

Виачеслав Аиба ианашьан "Афырхаҵараз" амедал, аҟазарҿы илагалазы – "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара.

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа аибашьра аамҭақәа рзтәи иусумҭа аӡбахә аҭаацәа уажәраанӡа ирыздырамызт.

© Фото : Руслан ГаблияАйба Слава рисунок
Айба Слава рисунок - Sputnik Аҧсны
Айба Слава рисунок

Ажәабжьқәа зегьы
0