2016 шықәсазы Аԥсны атәылауаа 20 ԥсшьарамшцҵа роуеит

CC0 / / Календарь
Календарь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра аԥшьаша, жьҭаара 29 рзы ишьақәдырӷәӷәеит 2016 шықәсазтәи ааглыхратә мзар. Уи инақәыршәаны 2016 шықәсазы Аԥсны атәылауаа 20 ԥсшьарамшцҵа роуеит.

АҞӘА, жьҭаара 30, Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны, аԥшьаша, жьҭаара 29 рзы ишьақәдырӷәӷәеит 2016 шықәсазтәи ааглыхратә мзар. Уи инақәыршәаны  2016 шықәсазы Аԥсны атәылауаа 20 ԥсшьарамшцҵа роуеит.

Ашықәсҿыцтәи аԥсшьарамшқәа ажьырныҳәа 1 инаркны 10 рҟынӡа ишьақәыргылоуп. Иусурамшым ҳәа ирылаҳәоуп  ажьырныҳәа 14 (Ажьырныҳәа),  хәажәкыра 8, 9, лаҵарамза 23, нанҳәамза 26, цәыббра 30.

"Аныҳәамшқәеи иусуратәым амшқәеи ахьеиқәшәо инамаданы асабша, жьҭаара 2 ииагахоит ашәахьа, жьҭаара 4 ахь; амҽыша, лаҵарамза 1 – лаҵарамза 2, ашәахьа ахь; амҽыша, нанҳәа 28 – ашәахьа, нанҳәа 29 рахь; асабша, абҵара 26 – ашәахьа, абҵара 28 рахь.  Ажьырныҳәа 5, аҩаша ииагоуп ажьырныҳәа 16, асабшахь", — иҳәеит аилатәараҟны  Аџьеи, аусураҭареи, асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистр Сурен Кереселиан.

Амҽыша иақәшәаз аныҳәамш нанҳәа 28 ииагоуп ашәахьа, нанҳәа 29 рахь, нанҳәа 26 ииагоуп нанҳәа 28 рахь. Ақьырсиан ныҳәа  Мшаԥы сынтәа лаҵарамза 1 иақәшәоит убри азы  ашәахьа, лаҵарамза 2 усурамшым ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп. Ныҳәатә мшны иазгәаҭоуп иара убасгьы цәыббра 13 – Кәырбанныҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0