Сергеи Габниа дахцәажәоит аибашьраҿы дзықәшәаз ахҭыс

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Сергеи Габниа аибашьра адәаҿы дыԥшыхәуаҩын.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа Сергеи Габниа аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны актерс. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны уи иԥсадгьыл дахәарц афрот ахь дцеит.

Нанҳәа мза 18, 1992 шықәсазы Сергеи Габниа  Мушьни Хәарцкьиа ибатальон далалеит. 

Аибашьра ашьҭахь Сергеи Габниа арратә штаб хада аҟны аусура далагеит, уи аштаб аиҳабы аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус иуан. 

"Сара сзыҳәан иахьагьы еибашьроуп, ус ҳгәы иаанагоит ҭынчроушәа, аха еснагь агәаҽанызаара аҭахуп", — иҳәеит Габниа. 

Аибашьраҿы иааирԥшыз агәымшәаразы, Сергеи Габниа ианашьан Леон иорден. Иахьа, Сергеи Габниа аус иуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр актиорс. 


Ажәабжьқәа зегьы
0