Хьыбла Гьерзмааԥҳа: пицундатәи ауарӷан аблаҷыц еиԥш ихьчатәуп

© Foto / hiblaНародная артистка Абхазии и России Хибла Герзмава
Народная артистка Абхазии и России Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундатәи ауарӷан хьчаны еиҵагыло абиԥарақәа ирзааныжьтәуп ҳәа азгәалҭеит аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

АҞӘА, абҵара 2, Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Пицундатәи ауарӷан 40-шықәса ахыҵра амшныҳәа иазкны Ниу-Иоркынтәи адныҳәаларатә шәҟәы аалышьҭит Аԥсны Жәлар  рартистка, Урыстәылатәи Афедерациа Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

Пицундатәи ауахәама, Хьыбла лхәыҷраамҭа зегь иацыз, иазкны адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иазгәалҭеит идгьылтәым алашара, араҳаҭра шацу. Адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Абри амш лаша сара арҿиара ҳәаадахь сымҩа архоит. Сара сзы амузыка – агәыӷреи, анасыԥи, аиашареи рымҵаныҳәароуп иаанаго. Ҳара амузыкантцәа ҳанықәгыло, еснагь иаҳныруеит  иреиҳаӡоу жәҩантәи амчқәа, Анцәа даҳныруеит. Абра, Пицундатәи ауахәамаҟны уи амч зынӡа акалашәа аҽарҵаруеит. Ара ҽакала  ашәа уҳәоит, аҽакала уԥсыԥ лоуга-ҩоугоит", — ҳәа лыҩуеит аоператә шәаҳәаҩы.

Дарбанызаалак амузыкант изы насыԥуп акустика џьашьахәы змоу Пицундатәи ауахәамаҟны пқәгылара ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

"Ҳара ҳуарӷан – милаҭтә мазароуп, аблаҷыц еиԥш ихьчаны ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирыҭатәуп. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп шықәсыла ауарӷан амаҵ азызуа, аиҳаракгьы Марина Шамԥҳа. Ҭабуп ҳәа расҳәоит сыжәлар —  аклассикатә музыка бзиа ибаны еилызкаауа, Пицундатәи ауахәама ауарӷан зал аҵакы дырны пату ақәҵаны изыхьчо", —  инаҵшьны дазааҭгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

1975 шықәса абҵара 1 азы Пицундатәи ауахәамаҟны иаартын ауарӷан, еицырдыруа анемец фирма "А. Schuke"  иаргылаз. Ауарӷан ҷыдала  Андреи Аԥхьанаԥхьа иуахәамазы ирхиан. Иара иаразнак бзиа еицырбеит. Цәыббратәи афестивальқәеи аконцертқәеи раан Пицундаҟа иаауан Асовет Еидгылеи аҳәаанырцәи иреиӷьыз ауарӷанарҳәаҩцәа. 2011 шықәса рзы ауарӷан акапиталтә ремонт азун. Атәылаҟны еиҭа ихацыркхеит ауарӷан музыка афестивальқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0