ГАГРА, абҵара 5 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи абжьаратә школ №1 аҵаҩцәа гәыԥҩык амҩа иқәлеит Ҟабарда-Балкариаҟа. Ари акциа Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуази аԥсуа ҭаацәеи рыешьаратәи реиҩызаратәи еимадарақәа рырӷәӷәара аҳәаақәа ирҭагӡоуп. Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа изныкымкәа аешьаратә тәылахь ицахьеит, сынтәа ари ақьабз бзиа иацҵахеит.
Аԥсуа хәыҷқәа Нальчикҟа рцара алыршахеит Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны еибашьуаз Рхеилак аиҳабы Сергеи Иахогоев иаԥшьгарала. Аус адгылара арҭеит Гагра араион аҵара аҟәша анапхгара.
"Агәра шәсыргоит, ҳара ҳаҩнаҭақәа рҟны ахәыҷқәа гәахәарыла ишҳадаҳкыло. Аҟабардацәа еснагь аԥсуа жәлар рахь агәыбылра ҳаман, уи ахаангьы иҿыцәаауам. Сара еснагь анцәа сиҳәоит, аибашьраан аиҳабацәа ирхыргаз ахлымӡаах ахаангьы ахәыҷқәа рааигәа имааирц", — ҳәа азгәеиҭеит Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны еибашьуаз Рхеилак аиҳабы Сергеи Иахогоев.
Ахәыҷқәа Нальчикҟа инаскьаргеит ашкол ашҭаҟнытә.
"Иахьа ҳаешьаратә республикахь инаскьаҳгоит аԥсуа школ аҵаҩцәа гәыԥҩык. Ари акциа аҵак ду амоуп аҩ-милаҭк реимадара арӷәӷәаразы. Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа роуп раԥхьаӡакәны адгылара ҳазҭаз. Ирацәаҩуп Аԥсны зхы ақәызҵаз. Еибашьуази иҭахази рҭаацәарақәа ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам, уи моу иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит ҳаизыҟазаашьақәа рааигәатәразы", — иҳәеит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар.
Гагратәи абжьаратә школ №1 классцԥхьаӡа рыхьӡқәа рхыуп Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьуазгьы. Ари ашкол аҟны ҷыдала иазнеиуеит аибашьра иадҳәалоу атема.
"Гагратәи абжьаратә школ №1 анапхгареи арҵаҩратә еилазаареи аҵаҩцәеи гәахәара дула иҳадаҳкылеит ари ааԥхьара. Иахьазы Нальчикҟа амҩа иқәлоит зҭаацәа аибашьра иалахәыз хәҩык ахәыҷқәа. Хымԥада наҟ-наҟ дара рхыԥхьаӡара иацлоит. Ҳара ҳашколхәыҷқәа рыдыркылоит Аԥсны еибашьуаз аветеранцәа рҭаацәа. Гагратәи аделегациа напгхара алҭоит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, ҳашкол арҵаҩы Нанули Ҳагба", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит ашкол адиректор Хана Гунба.
Ахәыҷқәа Нальчик рыԥсшьарамшқәа рхыргалоит мчыбжьык иалагӡаны. Анаҩс дара Гаграҟа ирыцны иаауеит зҿы ицо аветеранцәа рхәыҷқәа.
"Ҳара акырӡа ҳаигәырӷьоит Нальчикҟа ҳцара. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ҭоурыхла ишаҳдыруагьы, еиҵагыло аҿар ахаангьы иаҳхашҭуам аиааиреи ахьыԥшымреи ҳзаазгаз аҵеицәа.
Иаҳҭахыуп хаҭала иаҳдырырц, ҳрабадырырц ацхыраара ӷәӷәа ҳазҭаз аибашьцәеи урҭ рыхшареи", — ҳәа лгәаанагара лҳәеит аабатәи акласс аҵаҩы Софиа Дгебуаӡе.
Ашколхәыҷқәа Нальчик рыҟазаара иалагӡаны ирзеиҿкаахоит еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа, Ҟабарда-Балкариа аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа.