Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Ҳагба: акгьы ҳхамшҭӡеит, уи аҩыза хашҭшьа амаӡам

© Sputnik / Илона ХварцкияВетеран Гурам Хагба.
Ветеран Гурам Хагба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Ҳагба иҭоурых.

Анжелика Бениа, Sputnik

Гәырам Ҳагба диит Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭа 1965 шықәсазы.

Гәырам Ҳагба аибашьра раԥхьатәи амшқәа инаркны гәымшәарала ихы ааирԥшит.

"Сҩызцәа ахьыҟаз сыҟан. Аибашьра нҵәаанӡа ПТУРС захьӡу абџьар ала сеибашьуан", – иҳәеит Ҳагба.

Усҟантәи агәалашәарақәа угәы удырхьуеит

Иҭыхым аибашьцәа - Sputnik Аҧсны
Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" Аиааира амш иадҳәалахоит

Гәырам Ҳагба дынҳацәажәоз иҳәеит аибашьра аҟынтә игәалашәарақәа шырацәоу, аха урҭ ртәы аҳәара шицәыуадаҩу.

Ҳапроект афырхаҵа иажәақәа рыла, аптур ала еибашьуаз рыбригадаҟны дрыцеибашьуан Естониантәи хатә гәаԥхарала иааз Каспер Мартиниук.

"Иара иоуп аԥхьа ҳаидызкылаз. 1993 шықәсазы хәажәкыра 15-16 Аладатәи Ешыра, Гәымсҭа дҳацәҭахеит, ақырҭқәа даҳцәыршьит. Ҳабригадаҟынтәи ԥшьҩык ӷәӷәаны ирхәит. Хәажәкыра 15 аҟәараҟны ҳаннеи, сара сааныркылеит иара аҷкәынцәа дрыцны дцеит. Адырҩаҽны дышҭахаз еилаҳкааит. Аҭел дахыҵуеит ҳәа дшаҿыз дыршьит, убра дахажьын хымш. Ааигәа ахәыштәырҭа аганаҟны аԥсцәа аныҵырхуаз убасҟан даҳдырит. Иахьа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны анышә дамадоуп", – игәалаиршәеит аибашьра Ҳагба.

Аибашьра еибашьроуп, имшәо агаӡа иоуп, иҳәеит Гәырам Ҳагба.

"Ушԥамшәо?! Аснариадқәа каҳауан, ауаа ҭахон. Уҩызцәа шҭахо анубалакгьы, рыԥсыбаҩқәа анурҳәазо ашьҭахь уеилкаара ҽакала иҟалоит. Ицәгьын, аха усҟан ҳалашьццалеит, ус иара иахәҭацәҟьоуп ҳәа иҳадаҳкылон", – иҳәеит Ҳагба.

Гәырам Ҳагба излаҳаиҳәаз ала, ПТУРС ҳәа изышьҭоу ареактивтә снариад аррамаҵзура данахысуаз ибахьан.

"ПТУРС аррамаҵзура санахысуаз избахьан, нас аибашьра анцоз Гәдоуҭаҟа иаҳзааргеит. Иалахысуаз усҟан изакәыз ҳаздырӡомызт, аруаа иаҳдырбеит, нас ашьшьыҳәа ҳхала иаҳҵон, уи ала абригада ҟалеит 36-ҩык. Командирс дҳаман Беслан Быҭәба", – игәалашәарақәа ҳацеиҩишон Ҳагба.

© Руслан ГаблияГурам Хагба.
Гурам Хагба. - Sputnik Аҧсны
Гурам Хагба.

Иажәабжь иацҵо Ҳагба иҳәеит аибашьра алахәыла, асахьаҭыхҩы Руслан Габлиеи иареи реиԥылара атәы.

"Ҳабригада Аҩадатәи Ешыраҟа иҳаԥхьеит. Уа ахәаҟны ҳтәан, даргьы уа иҟан. Ҳаӷа итанкқәа цәырҵаанӡа ҳәа ҳаԥшын. Сышҭихуаз сыздырӡомызт, санааԥш избеит. Иҭыухо закәи ҳәа саниазҵаа, иҩызцәа рҟынтә аӡәы ари дсахьаҭыхҩуп ҳәа сеиҳәеит. Аҷкәынцәа ҭихуан, апазициаҟны, убра ҳаиқәшәеит", – иҳәеит Ҳагба.

Акгьы ҳхамышҭӡеит, аҳәара ҳцәыцәгьоуп, ҳәа игәалашәарақәа ирыциҵон Ҳагба.

"56 мшы сашьҭын атанк "Бродяга". Уажәы аҳәара мариоуп, аха усҟак ҭыԥк аҟны утәаны аԥшра, ахьҭа, амла уанако…  Ус шакәугьы уи атанк Аҩадатәи Ешыра сахьӡеит", – иҳәеит Ҳагба.

Аиааира амш

"Цәыббра 26 рзоуп Аҟәа анҭацәы. Ҳаӷа ақалақь даналҵоз аламҭалазы Ацҳа Ҟаԥшь аҟны имҩа ԥаҳҵәар ҳалшон, аха иҵегь ауаа ҭахон. Амҩа раҳҭеит – иҩит. Нас цәыббра 30 Галынӡа ҳцеит", – иҳәеит Ҳагба.

Еибашьыз сеибашьит ҳәа дунеихаан иҳәаӡом, иҳәеит иара.

"Уи азын ицеибашьуаз иҩызцәа, иқәлацәа ыҟоуп. Ари сара иҟасҵит ҳәа аҳәара сҭахым, ԥсуала ииашаӡам. Исыцеибашьуаз, исывагылаз иаҳа ирҳәоит", – иҳәеит Ҳагба.

Ҳапроект афырхаҵа аибашьраан ахәра ӷәӷәа шиоузгьы иҩызцәа ааныжьны аҩныҟа ацара изымгәаӷьит.

Сергеи Габниа. - Sputnik Аҧсны
Аибашьҩы Габниа: Руслан Габлиа ссахьа ҭихит сыԥсы сшьарц санаатәа

"Апазициаҟны ҳаштәаз искит, нас агәыр сыларҵан схьаа хәыҷык исханаршҭит. Санааԥш Афон-ҿыц ауахәамаҟны сыҟан, усҟан уа ахәышәтәырҭа еиҿкаан. Нас сҿаҳәаны соурыжьит. Амала аҩныҟа исымҳәаӡеит. Сҩызцәа рахь схынҳәит. Икажьны аҩныҟа ацара сзымгәаӷьит", – иҳәеит Ҳагба.

Гәырам Ҳагба Аиааира амш ашьҭахь иаразнак аҩныҟа дзымхынҳәӡит. Цебельда анҭадырцәы аамышьҭахь ауп аҩныҟа данаа, октиабр амзазы. Мызкы Очамчыра Ԥанаҩ дыҟан.

"Сыргьежьны Очамчыраҟа сыргеит. Очамчыра стәан, агруппа "Басиак" сақәшәеит Ануаа-рхәы сықәныргеит. Ӡынран, мызкы убра асы сылатәан. Лаҭа агарзы Ануаа-рхәала ҳалбааит. Уаҟа абронетехника ирацәаны среихсит. Ашилкақәа ҳәа зыхьӡу ак ԥызжәеит, ҩба ус изгит", – иҳәеит Ҳагба.

Гәырам Ҳагба 38 шықәса ҵеит аҽқәа аус рыдиулоижьҭеи. Аԥсни, Қырҭтәылеи аҽтәы спорт азҟаза ҳәа ахьӡ имоуп. Ҳагба игәыԥ есышықәса аицлабрақәа ирылахәуп.

"Раԥхьаӡа акәны аҽы сақәзыртәаз Цик Лакербаиа иоуп, БТР ҳәа иашьҭын, цәгьала ахы цәгьын. Сыхәҷра зегьы дара иргеит. Аибашьра ашьҭахь иаасхәит 90 нызқь ҳәа аҽы. Цәгьала бзиа избоит аҽқәа, ҽыда сыԥсҭазаара схаҟны исзаагаӡом", – иҳәеит Ҳагба.

Гәырам Ҳагба Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ианашьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0