Аҿартә форум "Аԥсны– 2015" аусура хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание дома Москвы в Сухуме.
Здание дома Москвы в Сухуме. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿартә форум "Аԥсны– 2015" аусура хнаркәшеит амҽыша, абҵара 8 рзы.

АҞӘА, абҵара 9 — Spitnik, Саид Барганџьиа. Аҿартә форум "Аԥсны– 2015" аусура хнаркәшеит амҽыша, абҵара ааба рзы.

Аԥсны аҿар рполитиказы  аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба афорум алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит русуразы.

"Афорум аҟны ирацәан аицәажәарақәа, аиқәшаҳаҭрақәа. Сара афорум алҵшәақәа агәахәара сырҭоит. Зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит", — иҳәеит Аҩӡба.

ФГБУ "Международный молодежный центр" адиректор Алексеи Лиубцов иазгәеиҭеит ԥхьаҟазы афорум иҵегьы еиҳаны аамҭа аҭахны иҟоуп ҳәа.

"Сара ажәалагала ҟасҵоит, асоциалтә ҳа "Вконтакте" аҟны агәыԥ аԥҵазарц, афорум алахәылацәа дара дара реинырра арманшәаларазы", — иҳәеит иара.

Афорум, иалшоны иҟаз 100 процентк рҟынтәи 99,9 процент рыла еиҿкаан ҳәа ациҵеит Лиубцов.

Алиас Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Абҵара 6-8 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аҿар рфорум "Аԥсны-2015"

"Аиҿкааҩцәа ҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҳарҭаз ааԥхьарази имҩаԥыргаз аиҿкаарази. Аусура уажәоуп ҳаналагаз, ԥхьаҟагьы аус дуқәа ҳзыԥшуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Засеев иажәақәа рылла ААахыҵ Уаԥстәылаагьы ргәы иҭоуп афорум уахь анаԥхьара.

Лугансктәи жәлар рреспублика аҿари, аспорти атуризми рминистр Станислав Винокуров иҳәеит афорум алахәылацәа  иԥханы ишрыдыркылаз рделегациа иалаз зегьы.
Афорум ахыркәшамҭазы Алиас Аҩӡба иҳәеит "афорум ахьымҩаԥысуазаалакгьы Аԥсны иара иаԥсадгьылны иаанхоит" ҳәа.

Аҿартә форум рхы аладырхәит шәи ҩеижәижәабаҩык аҿар, ЛНР, Приднестровие, Ҟрым, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0