Хынҭәба: Арӡынба иԥшаара иашьҭоушәа Саакашьвили иҳәамҭа - цәгьаршроуп

© Фото : страница Инала Ардзинба в FacebookГлавный советник Управления Президента РФ по СНГ Инал Ардзинба.
Главный советник Управления Президента РФ по СНГ Инал Ардзинба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Иусбарҭаҟны иҟоу Аексперттә напхгараҭара аиҳабы Иракли Хынҭәба ахҳәаа азиуит Инал Арӡынба жәларбжьаратәи аԥшаара даҵанакит ҳәа Михаил Саакашьвили иҟаиҵаз аҳәамҭа.

АҞӘА, абҵара 9 — Sputnik. Инал Арӡынба жәларбжьаратәи аԥшаара даҵанакит ҳәа Михаил Саакашьвили иҟаиҵаз аҳәамҭа иаабац-иҳаҳац провокациоуп ҳәа азиԥхьаӡоит Ираклии Хынҭәба.

Хынҭәба иажәақәа рыла, Украина анапхгара Саакашьвили ихымҩаԥгашьақәа идырааԥсо иалагеит. Америкатәи идгылаҩцәагьы есымша ирылшом асапыншәах аиԥш икабо иалагаз Саакашьвили ихьӡ арԥшӡара. Қырҭтәыла акәзар – Иаку амилаҭтә ҵысра аофисқәа ирықәлоит.

"Украина акәша-мыкәша ишьақәгыло иалагаз аҭышәынтәалара маҷ аан аурысқәа рцәымӷра злыжжуа иҟоу Саакашьвили дышмыцхәу еилызкаауа иалагаз рацәаҩуп", — иҳәеит иара.

Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, Одессатәи аобласт аҟны иахьазы ишьақәгылоу аҭагылазаашьа қырҭтәылатәи агубернатор изы феидара алам. Иара ихьӡи иажәақәеи ауаа рхыхра иаҟәыҵит.

"Саакашьвили изы рыцҳара дуны  иҟалеит Одесса Ахада иалхрақәа. Одесса ауааԥсыра еицҿакрыла мап ицәыркит агубернатор иуаҩы. Амбициа ҳаракы злыжжуа, ԥхьаҟа ԥеиԥш зманы иумшьаша Саакашвили ипланқәа рыларҵәара уадаҩхо иалагеит", — иҳәоит иара.

Хынҭәба иазиԥхьаӡоит, Саакашьвили игхақәа рӡаразы апровокациа, амц, аԥаршеира ихы иаирхәоит ҳәа.

Здание администрации президента. - Sputnik Аҧсны
Хынҭәба: абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 11 миллиард мааҭ инаӡараны иҟоуп

"Иара зехьынџьара "Кремыль ашьҭа" ибоит. Сгәы иаанагоит Ихьыԥшым атәылақәа реидгыла аганахьала Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа абжьагаҩ хада Инал Арӡынба ихыдоу аҽыԥныҳәа иҭаразы баша-маша далхым ҳәа. Саакашвили ицәгьаршраҟны уи иаԥсуа хылҵшьҭра инаҵшьны иазгәеиҭоит. Иҳәо зегьы убриаҟара иҵаҵӷәыдоуп, убриаҟара ихыдоуп, сара оумашәа избашам Одесса амагнолиашәҭқәа заа рышәҭ ахьыҿшәазгьы зхароу Инал Арӡынба иоуп ҳәа иқәгыларгьы", — иҳәоит Ираклии Хынҭәба.

Иракли Хынҭәба инаҵшьны иазгәеиҭоит Инал Арӡынба жәларбжьаратәи аԥшааҩцәа ишьҭоуп ҳәа иҟаҵоу аҳәамҭа пиар-компанианы ишыҟоу.

"Жәларбжьаратәи аԥшааразы иҟоуп иҷыдоу апроцедурақәа, Интерпол имҩаԥнаго. Уи азы ихаданы ишьоуп  аӡәы ихыҭҳәаақәа ракәымкәа иҟаҵәҟьоу афактқәа", — ҳәа иҳәоит Аԥсны Ахада Иусбарҭаҟны иҟоу Аексперттә напхгараҭара аиҳабы Ираклии Хынҭәба.

Аԥсны Ахада Иусбарҭаҟны иҟоу Аексперттә напхгараҭара аиҳабы Ираклии Хынҭәба иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аԥшаара зыхәҭаны иҟоу ӡәыр дыҟазар иара Саакашьвили ихаҭа иоуп ҳәа. Уи азы иазхоны иҟоу аҵаҵӷәы ыҟоуп иҳәоит Хынҭәба.

Ажәабжьқәа зегьы
0