АҞӘА, цәыббра 11 — Sputnik. 2016 шықәса рзы ареспубликаҟны иазыԥхьагәаҭоуп, уаанӡатәи ашықәсқәа инарыдкыланы ахатәы биуџьеттә хашәала ҩынтәны аизырҳара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ахада иҟны иаԥҵоу Аексперттә усбарҭа аиҳабы Ираклии Хынҭәба.
"Ҳҿаԥхьа иқәгылоу адҵа анагӡара уадаҩуп, аха уи аиааира ҳалҳаршароуп", — азгәеиҭеит иара.
Ишьақәыргылоу арыцхә, нанҳәа 31 рзы, атәыла Ахада идгалан 2016 шықәсазтәи Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет апроект. Убри аан иара иазгәеиҭеит Аԥсны абиуџьет ҩ-ҳаракырак шамоу – ареспубликатәи аҭыԥантәи.
"Цәыббра 9 рзы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны атәыла Ахада абиуџьет аганахьала ирҭаз азҵаарақәа рҭак ҟаҵо иҳәеит ареспубликатә биуџьет ахашәалатә хәҭа 9 миллиард мааҭ ишынаӡо. Аха иааизакны аҳәынҭқарратә биуџьет аӡбахә уҳәарц азы 9 миллиардк ирыцуҵароуп аҽа 2 миллиардк (аҭыԥантәи абиуџьетқәа). Иааидкыланы ари ишьақәнартәоит 11 миллиард мааҭ (ахатәы хашәалақәа идыртәоит 5,7 миллиард мааҭ, Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи аашьҭрақәа – 5,3 миллиард мааҭ", — ҳәа азгәеиҭеит Хынҭәба.
Хынҭба ишазгәеиҭаз ала арҭ аԥарақәа рҟынтәи 3,2 миллиард мааҭ 2015-2017шш. рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиаразы Аинвестициатә программа анагӡара иазырхоуп, 2,1 миллиард мааҭ – финанстә цхыраароуп.