"Агәыҳалалра аурок" Аԥсны ашколқәа зегь рҟны имҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәыҳалалра аурок. Архивтә фото.
Агәыҳалалра аурок. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥшьгарала, Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра адгыларала абҵара 13 рзы Аԥснытәи ашколқәа зегьы рҟны имҩаԥгахоит акциа "Агәыҳалалра аурок".

АҞӘА, абҵара 11 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥшьгарала, Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра адгыларала абҵара 13 рзы Аԥснытәи ашколқәа зегьы рҟны имҩаԥгахоит акциа "Агәыҳалалра аурок" ҳәа ҳкорреспондент илзаалыцҳаит Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" амениџьер Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Ҵыԥх раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит адунеизегьтәи Агәыҳалалра Амш. Ари атема иазкны еиуеиԥшым асценкақәа ҳхәыцуан, ауснагӡатәқәа еиҿаҳкаауан. Сынтәа ҩынтәуп ари амш азгәаҭара хықәкны иҳамоижьҭеи. Ҳара ҳаԥшьгарала абри амш аҽны Аԥснытәи ашколқәа зегьы рҟны имҩаԥысраны иҟоуп  «Абзиара Амш». Аурок иахықәкуп аизҳара иаҿу аҿар агәыбылреи агәыҳалалреи рыланы, ацәгьеи абзиеи еиҩырдыраауа рааӡара", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Лара иазгәалҭеит абри амш азы "Ашана" афонд ахь 400 000 мааҭ шаланагалаз.

Лара лажәақәа рыла, ҵыԥх аиԥш сынтәагьы волонтиорцәас иҟалар рылшоит изҭахны иҟоу зегьы. Алахәылацәа рзы иазырхиоуп  урысшәалеи аԥсышәалеи "Агәыҳалалра аурок" иазку аматериал. Уи инықәныҟәаны дасу илшоит ихатәы вариант ала аурок амҩаԥгара.

"Ҵыԥх ашколқәа руак аҵаҩцәа афатә хаақәа рхианы аиҳабацәа ааԥхьара рырҭеит шьыбжьхьазы. Адуцәа ирыздырхиаз ахә ахыршәааит, урҭ аԥарақәа ахәыҷ чымазцәа рыхәышәтәрахьы инашьҭын" — лҳәеит "Ашана" аменеџьер.

Культурно-благотворительный фонд Ашана. - Sputnik Аҧсны
"Ашана": 3,5 шықәса рыла еизгоуп 25 миллион мааҭ, ихьчоуп 80 ԥсҭазаара

Лара илҳәеит "Агәыҳалалра аурок" авариант рацәа шамоу – ишалшо имҩаԥгазарц азеиԥшколтә уснагӡатәқәа, акласснҭыҵтәи ауснагӡатәқәа, ацәыргақәҵақәа, алитературатә ԥхьарақәа, аиндаҭларақәа, авикторинақәа.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" – Аԥсны ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иацхыраауа, макьаназы иаку, фондуп. Иара убас афонд амилаҭ, аҿар рдоуҳатә ҿиаразы асоциалтә программақәа еиҿнакаауеит.

Афонд 2008 шықәсазы ацхырааратә програамақәа фба рыла аусура иалагеит. Иахьа "Ашана" аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу ахәышәтәырҭақәа рахь ахәыҷқәа рышьҭра иацхраауеит, уажә ааигәа Ҭырқәтәыла, Израиль, Германиа уҳәа атәылақәа рахь ахырхарҭа ҿыцқәа аадыртит.

Ажәабжьқәа зегьы
0