"Ашана": 3,5 шықәса рыла еизгоуп 25 миллион мааҭ, ихьчоуп 80 ԥсҭазаара

© Фото предоставлено КБФ "Ашана"Культурно-благотворительный фонд "Ашана".
Культурно-благотворительный фонд Ашана. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" 3,5 шықәса рыла еизгеит 25 миллион мааҭ, еиқәырхеит 80 ԥсҭазаара.

АҞӘА, цәыббра 10 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» 3,5 шықәса рыла еизгеит 25 миллион мааҭ, еиқәырхеит 80 ԥсҭазаара, имҩаԥнагеит 155 хәышәтәратә курс ҳәа аалыцҳаит Афонд адиректор Џьевеира Колосова. Колосова лажәақәа рыла агәыҳалалратә фонд акциа "Спасем жизнь вместе" хацыркхеит 2011 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. 2012 шықәса ажьырныҳәамзазы хәышәтәра ддәықәҵан раԥхьатәи ачымазаҩ хәыҷы – хымз зхыҵуаз, згәы амалырқәа хԥа амаз Абдуллажан Иусупов.

"Иацы асеиԥш ҟалоит ҳәа ҳаҟамызт. Усҟан ҳгәы иаанагомызт 3,5 шықәса рышьҭахь абриаҟара ԥсҭазаара еиқәҳархеит ҳәа аҳәара ҳалшоит ҳәа. абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны еизаагеит 25 миллион мааҭ аԥара, еиқәырхеит 80 ԥсҭазаара, имҩаԥнагеит 155 хәышәтәратә курс. Арҭ зегь алыршахеит згәы ҭбаау, зегь ззеиԥшым ауаа рыцхыраарала. Урҭ раԥхьатәи амшқәа инадыркны ахәыҷқәа рыԥсҭазаара рҽаладырхәит", — лҳәеит Колосова.

Лара иазгәалҭеит иахьазы афонд аганахьала ауаа рызнеишьа аҽаԥсахит ҳәа.

"Ауаажәларратә еилазаара агәаанагареи ахымҩаԥгашьеи акыр аҽаԥсахит. Иахьазы иуҳәар алшоит агәыҳалалра ҳаԥсҭазаара иахәҭакхеит ҳәа. Уи уаҩ дзеигәырӷьаша усуп. Агәыҳалалра аԥсҭазааразы нормак аҳасабала иҟалазар ҳдоуҳагьы аҽаԥсахит ауп иаанаго", — лҳәеит Колосова.

Лиана Даӷәуз лыхәышәтәразы "Ашана" иахыҧхьаӡалоуп 200 000 мааҭ аҧара

Лара лгәаанагарала агәыҳалалратә фонд ҿыцқәа раԥҵараҟны афонд "Ашана" алагала ду амоуп.

"Агәыҳалалра аҳәынҭқарра ҿыц иахаҿуп. Ҳфонд жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ианрылахәхауа уаҟа Аԥсны аӡбахә еиҳа инарҭбааны ираҳауеит. Аконференциақәа рҟны ҳара Аԥсны економикала аҿиара бзиа змоу республикак аҳасабала идҳардыруеит, избанзар – ахатәы фондқәа змазар зылшо економикала иҿиоу аҳәынҭқаррақәа роуп", — азгәалҭеит лара.

"Ашана" иаҳнарбеит ацхыраара рацәак ишыуадаҩым. 10 мааҭк ушәеит – уаргьы уи уалахәуп. СМС-дырраҭарақәа ракәзар, 25 миллион рҟынтәи 5 миллионк урҭ рҟынтәи еизгоуп", — лҳәеит лара.

Афонд "Ашанеи" "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи" аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Колосова илҳәеит 2015 шықәса нанҳәамзазы "Ашана" акциа "Ҳнапқәа еибаркны" аҳәаақәа ирҭагӡаны агәыҳалалратә фонд "Ашанеи" жәларбжьаратәи афонд "Аԥсни" аиҩызаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

"Ахәышәтәра зҭахны иҟоу ахәыҷқәа рацәоуп. Урҭ ҳара 18 шықәсанӡа инаҳгоит. Ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иацлоит", — азгәалҭеит Колосова.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" – Аԥсны ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иацхыраауа, макьаназы иаку, фондуп. Иара убас афонд амилаҭ, аҿар рдоуҳатә ҿиаразы асоциалтә программақәа еиҿнакаауеит.

Афонд 2008 шықәсазы ацхырааратә програамақәа фба рыла аусура иалагеит. Иахьа "Ашана" аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу ахәышәтәырҭақәа рахь ахәыҷқәа рышьҭра иацхраауеит, уажә ааигәа Ҭырқәтәыла, Израиль,

Германиа уҳәа атәылақәа рахь ахырхарҭа ҿыцқәа аадыртит. Афонд ацхыраара рнаҭахьеит 80-ҩык ахәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0