Азанааҭ аҷыдарақәа. Аҟәатәи аӡахҩы

© Sputnik / Томас ТхайцукАмодельер-аконструктор Рафик Минасиан.
Амодельер-аконструктор Рафик Минасиан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амоделиерцәа инагӡаҵәҟьаны ирдыруеит ауаҩы иқәшәо амаҭәа аӡахышьа. Абри азанааҭ атәы даҳзалацәажәоит амоделиер-аконструктор Рафик Минасиан.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Наала Аҩӡыԥҳа.

30 шықәса инареиҳауп Аҟәа ииз, иааӡаз Рафик Минасиан арҿиара инапы алакуижьҭеи. Иара, академик Сахаров ихьӡ зху амҩаҟны игылоу Амодақәа Рыҩны аҟны аус иуеит.

Амода абзиабареи маҷ-маҷ аӡахра аҟазара анапахь аагареи Рафик далагеит ашкол данҭаз.

"Сара еснагь бзиа избон иԥшӡаны аҽеилаҳәара. Аҩны сан илыман аӡахыга машьына "Зингер".

Анапылаӡахыра амашьына ала иара  инымаалоз имаҭәақәа еиҭеирҿыцуан, рхаҿра иԥсахуан, ирыциҵон-ирыгирхон.

Рафик класск аҟны аҵара ицызҵоз аӡӷабцәа изныкымкәа рҽеилаҳәашьазы игәаанагара иазҵаахьан.

Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
Мариа Савинкова: аԥстәқәа, аԥсаатәқәа бзиа иумбозар урҭ узыхәышәтәуам

"Исазҵаауан: абри снаало иснымаало, иарбан шьапымаҭәо абри аҵкы ианаало ҳәа". Уажәгьы, акласс ҳанеиқәшәало, исазҵаалоит".

Амода акыр бзиа ишибозгьы Рафик ашкол даналга амедицинахь ихы ирхоит. Дҳақьымхарц агәазыҳәара иман, аха Свердловсктәи амедицинатә институт аҭалара изыуадаҩхеит.

«Сара исыӡбеит зинтерес сымаз азанааҭ сазхьаԥшырц. Аԥхьаҵәҟьа сгәы сыхьзаргьы, нас Аҟәаҟа схынҳәит. Маҷ-маҷ саланахалеит сзанааҭ».

Мызқәак Рафик аӡахырҭатә ателие №8 аҟны  марҵеиҩыс дыҟан, азанааҭ амаӡақәа аҵидыраауан.

"Сара ирласны зегь шьҭыскаауан. Узанааҭ бзиа иубозар, зегь уцааиуеит".

Иҟоуп агәаанагара – аӡахра ԥҳәыс усуп ҳәа. Ҳара ҳфырхаҵа, анцәа иџьшьаны, усеиԥш аӡәгьы еимҳәацызт. Иҟалаз уи ауп, Рафик инапы злакыз аус даара данаалон.

"Џьоукы ари хаҵа усым ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аха сара уи сақәшаҳаҭӡам. Сара афатәҟаҵарагьы бзиа избоит. Уигьы хаҵа усны ишьам, аха даара исықәманшәалахоит. Ауаҩы ибзианы иҟаиҵо ауп иара иитәыҵәҟьоу", — ҳәа азиԥхьаӡоит Рафик. Уи ақәымшаҳаҭхарагьы уадаҩуп.

Ателие маҷқәа анадыркы ашьҭахь усура ҳәа дахьнеиз Аҟәатәи Амодақәа Рыҩны усҟантәи аамҭазы Асовет Еидгыла зегь аҟны еицырдыруа иҟан. Амодақәа рырбара араҟа уаҩы иибац-иаҳац акакәны иахәаԥшуан.

Адизаинтә усура ацҵаразы еиҳау аҵара аҭахын. Алшарақәа шимазгьы аԥсҭазаара ахатәы лагалақәа ҟанаҵеит.

Инесса Аршба. - Sputnik Аҧсны
Ашахтаҟнытә ачаӡҩыс: Инесса Арышԥҳа лҭоурых

"Сара аҵарахьы срышьҭырц рҭахын. Уаанӡа Ленингради Ригеи аҟазара аизырҳаразы ирышьҭуан. Аха сара  аҭаацәара салалеит. Саанхеит. Иахьагьы ус ӡахҩык иеиԥш сыҟоуп", — ҳәа еиҭеиҳәоит аҟаза рацәак имырхьаакәа.

Ииасыз ыиасит, хнырҳәышьа амам. Уахьҵәыуеит ҳәагьы акгьы унаҭом.

Рафик изанааҭ еснагь абзиабара иман. Аҽакгьы инапы алеимкыцызт. Усоуп ишыҟоу аԥсҭазараҟны – бзиа иубаҵәҟьо уазаанхоит.

Иахьатәи ҳаамҭазы, угәы иаҭаху ашәҵатәы ааухәарц анулшо аӡахҩы изанааҭ аҭахым ҳәа изыԥхьаӡогьы ыҟоуп. Аба алыԥшаауа, амодель уазхәыцуа – аамҭа арӡра зегьы ирҭахым.

"Иҟан усеиԥш аамҭагьы, ауаа ҳара ҳахь  рымҩахыҵра анмаҷыз. Иӡаху, ихиоу аахәара еиҳа ирзыманшәалан, аха уажәы еиҳа ргәаҳәо иалагеит хазы, дара рзы мацара иӡаху ацәамаҭәа аныҟәгара. Ихиоу анаархәогьы иааргалоит агырхаразы, аркьаҿразы, арҭбааразы".

Аӡахҩы иажәақәа шьақәырӷәӷәо ҳаицәажәонаҵы аҟазарҭахь иааиит иаӡәымкәа-иҩыџьамкәа аҭааҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0