Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik
Ауаҩԥсы ишықәс рацәа нҵыра мзызқәас иамоу аилкаара иашьтоижьҭеи акрааҵуеит. Аԥсны — зышықәс акыр инеихьоу ауаа ахьынхо ҳәа еицырдыруаз регионны иахьыҟаз азы, Асовет аамҭақәа раан агеронтологиа аганахьала аҭҵаарақәа изныкымкәа имҩаԥыргахьан. Аха аҳәаанырцәтәи аҵарауаа ареспубликаҟны имҩаԥыргоз аусурақәа рылкаақәа иахьа аӡәгьы издырӡом, макьаназы имаӡоуп.
"Аҭҵаарақәа мҩаԥыргон, аха адырралкаақәа ҳамам. Арахь иаауан Иапониа, Германиа уҳәа атәылақәа рҟынтәи аҵарауаа. Аха аматериал зегьы дара иргон", — лҳәеит Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рнаукаҭҵааратә институт аҵарауаҩ, абиохимиатә ҭҵаарақәа рлабораториа аиҳабы Лариса Аҳәԥҳа.
Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рнаукаҭҵааратә институт иазыԥхьагәанаҭо аҭҵаарадырратә темақәа рҟны иҟоуп аинтерес ӷәӷәа зҵоу апункт – Аԥсны иқәынхо, ақәра рацәа нызҵаз, агеронтцәа рмедицинаҭҵаара. Абри зымҽхак ҭбаау апроект иалахәхоит аинститут зегьы. Аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит аԥснытәи амедикцәа. Анаукатә консультантцәа рыгәҭа иҟалоит иааԥхьахо аҳәаанырцәтәи азанаҭуаа ҟазацәагьы. Урҭ дыруаӡәкуп агерентологцәа Европатәи рассоциациа апрезидент Владимир Хавинсон.
"Апроект иалахәуп анаукатә усура аинтерес змоу аԥснытәи аҳақьымцәа. Абри атема аус адуларазы усеиԥш иҟоу ауаа аҭахуп", — лҳәеит Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рнаукаҭҵааратә институт аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аусзуҩ Алиса Матуаԥҳа.
Аԥсны еснагь еицырдыруан ақәра рацәа змоу ауаа нхоит ҳәа, аха иахьазы урҭ рганахьала астатистика ҳаманы ҳаҟам лҳәеит Лариса Аҳәԥҳа.
"Иахьа уаанӡа иҟаз аҭагылазаашьа ыҟоу иҟаму атәы еилкааны иҳаздырам. Зықәра акыр инықәсхьоу ауаа рсиа ҟаҵаны урҭ рганахьала аҭҵаарақәа ҳзымҩаԥгом, избанзар иара асиа хаҭа ҳамам. Ҳара уажәазы ишазыԥхьагәаҳҭо еиԥш инарҭбааны ари атема ахаангьы иҭырымҵаацызт", — лҳәоит аҵарауаҩ.
Аҵарауааи аҳақьымцәеи иргәиҭоуп агеронтцәа зегьы ргәабзиаратә рбагақәа рышьақәырӷәӷәара иара убасгьы иажәхьоуи зықәрабжахь инеихьои, иҿоуи агәыԥқәа реиҿырԥшра.
"Ҳара ҳгәыӷуеит абарҭ ауаа ркомплекстә ҭҵаара мҩаԥаагап ҳәа. Иахьазы аматериалтә план аганахьала ҳалшара ҳахьыԥшны иауала иҟоу ауп аплан иаҳарбо", — ҳәа азгәалҭеит Аҳәԥҳа.
Аинститут анаукатә усзуҩцәеи анапхгареи апроект аидеиа аамҭа-аамҭала иазнеиуан. 2006 шықәса рзы агеронтологиа азҵаарақәа ҭылҵаауан Ҭеона Каландиаԥҳа. Лара иҟалҵеит акрызҵазкуа алкаа: иажәхьоуи зықәрабжахь инеихьои ргәабзиаратә рбагақәа еиҳа иуашәшәыроуп агеронтцәа ргәабзиаратә рбагақәа раасҭа.
2010 шықәса рзы Алиса Матуаԥҳа ихлыркәшеит амаамынқәа 200 рыҭҵаара, урҭ рҟынтәи 30 – геронтқәан. Еизгаз арбагақәа зегьы ауаа ргәабзиарарбагақәа ирҿырԥшын. Ауааи амаамынқәеи рырбагақәа акыр еиԥшхеит, избанзар амаамын ауаҩы иныԥшылоуп ҳәа ишьоуп.
"Апроект ахықәкқәа иреиуан амаамын-геронтқәа рырбагақәеи ауаа рҟынтәи еизгахо арбагақәеи реиҿырԥшра. Ԥхьаҟагьы иарбанызаалак медицинатә препаратк аҭҵааразы ҳара иаҳҭахуп алаборатортә ныԥшылақәа", — лҳәеит Алиса Матуаԥҳа.
Ареспублика Агәабзиарахьчара аминистрра азин ҟанаҵеит апроект алахәылацәа ареспубликаҟны имҩаԥысуа адиспансеризациа ралархәра. Иҟалап арҭ аусмҩаԥгатәқәа раан агеронтцәа аарԥшхаргьы. Адиспансеризациа адагьы аҵарауаа ақәгәыӷуеит ауацәа, аҩызцәа, адырцәа рыцхыраара. Иҟалоит агеронтцәа аҭҵаарақәа ирықәымшаҳаҭхаргьы рҳәоит аҵарауаа. Аха дара ауадаҩрақәа ирзыхиоуп.