АҞӘА, абҵара 18, Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аетнокультуратә уснагӡатә "Абиԥарақәа реимадара" мҩаԥысит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.
Аныҳәа алагамҭаз лыхнытәи аҽырԥар злахәыз аҽырыҩрақәа мҩаԥган.
Аныҳәа иаҭааз асасцәа алшара рыман амилаҭ маҭәеи, амузыкеи, акәашарақәеи рганахьала амастер-классқәеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аекспозициақәеи рҭаара. Даара аинтерес аман ахҭырԥа аиқәҳәалашьаз амастер-класс амҩаԥгара. Аԥсуаа ртрадициаҟны ахҭырԥа аныҟәгашьақәа еиуеиԥшым. Лыхнашҭа иубар улшон урҭ рҟынтәи ԥшьы-хкык.
Аныҳәахь акәымжәы еиқәаҵәеи ахҭырԥа ҟаԥшьи рыла зҽеилаҳәан иааиз асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ӡиӡариа изҭахыз ацхыраара риҭон ахҭырԥа аҿаҳәараҿы.
"Ауаҩы аныҳәахь амилаҭ маҭәа ишәҵаны днеир, аныҳәагь ирԥшӡоит, ихаҭагьы дыԥшӡахоит. Арҭ амаҭәақәа ҳмилаҭ культура иаҵанакуеит. Сара акәымжәы аныҳәақәа раан адагьы иныҟәызгоит" — иҳәеит иара.
Иури Грушин иусура аганахьала Аԥсны дааны дыҟоуп. Иара иоуп амастер-класс аҟны аԥсуа хҭырԥа раԥхьа изхарҵаз.
"Амастер-класс ахьымҩаԥыргоз саннеи "ура уаԥсуам" рҳәеит, "сышԥаԥсуам, Аԥсны сымиит, аха гәыла-ԥсыла иара сацуп» сҳәеит. Ахҭырԥа схарҵеит. Даара исызгьамахеит. Аҽы ццышәи, аҟамеи аԥсуа уаткеи роуп исыгу" дҳацәажәон иемоциақәа ҳацеиҩшо Грушин.
Лыхнеиԥш егьырҭ аԥсуа қыҭақәа рҟынгьы аныҳәақәа рымҩаԥгара аҿар рзы аҵак ду амоуп ҳәа ҳаиҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ Анри Ферзба.
"Иахьа ҳахьыҟоу аҭыԥ аҟны жәытә аахыс ауаа еизаны аҵак ду зманы иҟаз азҵаарақәа еицырыӡбон. Маҷ-маҷ арҭ атрадициақәа аиҭаҿиара иахьаҿу агәахәара ду снаҭоит. Араҟа аҿар рацәоуп. Урҭ ирзеилымкаауа ак ыҟазаргьы, иҳазҵаауеит".
Аҟәатәи акультуратә училишьче астудент Артур Коен иҳәоу зегьы дрықәшаҳаҭуп. Иара иазиԥхьаӡоит асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа атәыла аҭоурыхи акультуреи рдырра еиҳа иныҭкааны иалдыршоит ҳәа.
"Излалшо ала ауаа адыԥхьалалатәуп аҭоурых, атрадициатә мораль. Ирацәаҩуп ҳатрадициақәа зхашҭуа иалагаз. Ирацәоуп абиԥара-ҿа аҟынӡа имнаӡаз. Асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа, амилаҭ-цәа зҟәынны имҩаԥго – заҟа ирацәахо аҟара еиҳагьы еиӷьуп" — иҳәеит Коен.
Ажурналист Адгәыр Гәынба имҩаԥигон амастер-классқәа амилаҭтә спорттә хәмаррақәа: аркьыл, акьаброу, аимҵакьачара рымҩаԥгашьазы.
"Арҭ ахәмаррақәа ахәыҷқәа рыда адуцәагьы аинтерес рзаҵоуп, иргәаԥхоит" — иҳәеит Гәынба.
Лыхнашҭа иара убасгьы иқәыҩуан аԥсуа лаф. Џьамал Мархолиа деицырдыруеит илафҳәарала.
"Алафҳәара ушьа-уда иалазароуп. Алаф зҳәаҵәҟьо егьырҭ аныччо ихаҭа дыччаӡом. Илаф ала аӡәгьы игәы нирхом. Иахьа ҳаччара-ҳахәмарра, ҳлафҳәара маҷхазшәа збоит. Ажәытәан, ачарақәа, аныҳәақәа рҟны иаашаанӡа итәаны алаф рҳәон. Иахьа ачарахь ҳнеиргьы акраафан, ҳаилахоуп ҳәа ҳнықәҵны ҳцоит" — игәы иаланы иҳәоит Џьамал Мархолиа.
Аныҳәа аиҿкааҩцәа асасцәа рҟынтәи иалыркааит хҩык, еиҳа аинтерес зҵаз рмилаҭмаҭәазы.
Аҩбатәи аҭыԥ занашьахаз Милана Џьапуаԥҳа илҳәеит ари дшақәымгәыӷуаз.
"Сара акала салыркаап ҳәа сақәгәыӷуамызт, аха даара агәахәара соуит. Сара садгылаҩуп асеиԥш иҟоу аныҳәақәа, аҿар ахьеизо, рҭоурых иахьазхьаԥшуа. Садгылаҩуп амилаҭ цәамаҭәа ашәҵара. Акырҵуан Лыхнашҭа ныҳәак мҩаԥымсижьҭеи. Иахьа ара иҟоу зегьы уаргәырӷьоит, ухы угәы азҭанаҵоит" — лҳәеит Милана.
Аиҿкааҩцәа зегь раасҭа изыцәшәоз амш бааԥсхар ҳәа акәын лҳәеит "Аҟәафон" аусзуҩ Аида Хонелиаԥҳа. Анцәа иџьшьаны амш бзиеи аныҳәеи еинаалеит.
"Ҳара асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа мҩаԥаагоижьҭеи акырҵуеит, аха уажәеиԥш ахаан иҳақәманшәаланы, иласны иҟамлацызт. Зегь раасҭа азҵаарақәа ҳнаҭон амш аҭагылазаашьа – ицәгьахоу, ибзиахоу. Аха амшбзиазгьы иҟоуп иҳармаӡоу аԥсуа ҵас. Аус ауеит. Аныҳәа амҩаԥгараҿы шәҳацхраа ҳәа ҳназыдгылоз аӡә мап ҳцәикуамызт. Ҳамацара асеиԥш ҳалымшар ҟаларын. Зегь ҳанеидгыла, ҳанеицхыраа – абар иҟалаз аныҳәа зеиԥшроу", — ҳәа азгәалҭеит Хонелиаԥҳа.
Ашҭа аҳәынҭқарратә бираҟ ықәыргалаанӡа иқәҩит абыкь абжьы. Ажәытәан, акрызҵазкуаз хҭыск аныҟалоз абыкь абжьы дыргон, уи иднардыруан ак шыҟалаз. Ақыҭа Ахадара аԥхьа иадырсит аҳәынҭқарратә бираҟ ду.
2009 шықәса рзы ихацдыркыз Апроект "Аԥсны абираҟ дуқәа" аҳәаақәа ирҭагӡан ари аныҳәагьы. Абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны абираҟ ҷыдақәа ықәыргылан Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟны, аҭоурыхтә центрқәеи аибашьра ҭыԥқәеи рҟны. Сынтәа лыхнашҭаҟны абираҟ ақәыргылареи ажәлар рныҳәеи еиларыгӡарц рыӡбеит.
Лыхны – Гәдоуҭа араион иаҵанакуа ақыҭа дуқәа ируакуп. Акыр шәышықәса аԥсуа ҳәынҭқарцәа, ҭауадаа Чачаа иртәарҭан. Лыхнашҭа ажәытәаахыс ажәлар иреизарҭа ҭыԥуп, ара амилаҭ ныҳәақәа азгәарҭоит, аҽырыҩрақәа мҩаԥыргоит.