https://sputnik-abkhazia.info/20260430/1062692623.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аррамаҵзурауаҩ дҭаркит Ҟәланырхәа ақыҭан иҟаиҵаз ахысразы. Аусҭҵаара адыррақәа рыла мшаԥы 15 асааҭ 12:13 рзеиԥш аруаҩ Роланд Ҳалуашь идыр Сиавуш Гурбанзаде... 30.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-30T13:30+0300
2026-04-30T13:30+0300
2026-04-30T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/1e/1062692457_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_c95767585f083571088d4b37e776748b.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аррамаҵзурауаҩ дҭаркит Ҟәланырхәа ақыҭан иҟаиҵаз ахысразы. Аусҭҵаара адыррақәа рыла мшаԥы 15 асааҭ 12:13 рзеиԥш аруаҩ Роланд Ҳалуашь идыр Сиавуш Гурбанзаде диеихсит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада. Ҳалуашь аԥсшьараамҭа иман. Ашәарыцага шәақь ала ҩынтә иреиҵамкәа дхысит, знык — икылкааны, Гурбанзаде ишьаргәацә иақәкны. Ахы ашьаргәацә иалҟьеит. Арратә прокуратура ашьаус хацнаркит.
Аҟәа, Наӡаӡе лымҩаҿы игылоу, еихагылак змоу аҩны иаха амца акит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҿы. Ахҭыс азы аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟаҵан асааҭ 23:14 рзы. Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩбеи аиқәырхаратә гәыԥи. Урҭ аннеи аҩны абжа амца иамҽханакхьан, аха амцарцәаҩцәа ирылшеит амцабз арцәара, ахыбра аҩбатәи ахәҭа аиқәырхара. Амцакра зыхҟьаз аилкаара иаҿуп, аӡәгьы ԥырхага имоуит.
Ҭарашь Ҳагбеи Мураҭ Храчеви еиԥылеит. Храчев — 2004 шықәсазы Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аџьаз медал иаԥсахаз. Черқьесск ақалақь ахадара абҩарҵәыреи, аспорти, аҿартә политикеи рзы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ. Иара аҿар реиԥыларақәеи аҟаза-иклассқәеи мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика асеиԥш аҩаӡара змоу аспортсменцәа ахьаҭаауа аҵак ду шамоу. "Еиҳарак ихадоу, шәара шәԥышәа еиҵагыло абиԥара иахьрымажәдо ауп. Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҿар агәазҭаҵара рырҭоит, ас еиԥш алҵшәақәа аарԥшра зыбзоуроу аџьеи алеишәеи шакәу деилныркаауеит", — ҳәа иҳәеит иара.
Тҟәаԥс анефтусеиҭадуларатә зауад аҿы амцакра иҟалаз инагӡаны ирцәоуп. "Уажәшьҭа иаарласны ақалақь аиҿкааразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит", — ҳәа адырра ҟаиҵеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев. Анефт аусеиҭадуларатә зауад аҿы амцакра ҟалеит украинатәи адронқәа мшаԥы 28 ауха иҟарҵаз ажәылара ашьҭахь. Уи дырцәон 300-ҩык инареиҳаны ауааи 73 ак атехникеи. Ааигәа- сигәа иҟаз амҩақәа рҿы инхоз ауааԥсыра ахыргеит, аӡи алашареи дырцәеит, нхарҭа ҩнык ааха аиуит – уи ахь амцабз ииасит.
Аррамаҵзурауаҩ дҭаркит Ҟәланырхәа ақыҭан иҟаиҵаз ахысразы. Аусҭҵаара адыррақәа рыла мшаԥы 15 асааҭ 12:13 рзеиԥш аруаҩ Роланд Ҳалуашь идыр Сиавуш Гурбанзаде диеихсит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада. Ҳалуашь аԥсшьараамҭа иман. Ашәарыцага шәақь ала ҩынтә иреиҵамкәа дхысит, знык — икылкааны, Гурбанзаде ишьаргәацә иақәкны. Ахы ашьаргәацә иалҟьеит. Арратә прокуратура ашьаус хацнаркит.Аҟәа, Наӡаӡе лымҩаҿы игылоу, еихагылак змоу аҩны иаха амца акит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҿы. Ахҭыс азы аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟаҵан асааҭ 23:14 рзы. Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩбеи аиқәырхаратә гәыԥи. Урҭ аннеи аҩны абжа амца иамҽханакхьан, аха амцарцәаҩцәа ирылшеит амцабз арцәара, ахыбра аҩбатәи ахәҭа аиқәырхара. Амцакра зыхҟьаз аилкаара иаҿуп, аӡәгьы ԥырхага имоуит.Ҭарашь Ҳагбеи Мураҭ Храчеви еиԥылеит. Храчев — 2004 шықәсазы Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аџьаз медал иаԥсахаз. Черқьесск ақалақь ахадара абҩарҵәыреи, аспорти, аҿартә политикеи рзы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ. Иара аҿар реиԥыларақәеи аҟаза-иклассқәеи мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика асеиԥш аҩаӡара змоу аспортсменцәа ахьаҭаауа аҵак ду шамоу. "Еиҳарак ихадоу, шәара шәԥышәа еиҵагыло абиԥара иахьрымажәдо ауп. Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҿар агәазҭаҵара рырҭоит, ас еиԥш алҵшәақәа аарԥшра зыбзоуроу аџьеи алеишәеи шакәу деилныркаауеит", — ҳәа иҳәеит иара.Тҟәаԥс анефтусеиҭадуларатә зауад аҿы амцакра иҟалаз инагӡаны ирцәоуп. "Уажәшьҭа иаарласны ақалақь аиҿкааразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит", — ҳәа адырра ҟаиҵеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев. Анефт аусеиҭадуларатә зауад аҿы амцакра ҟалеит украинатәи адронқәа мшаԥы 28 ауха иҟарҵаз ажәылара ашьҭахь. Уи дырцәон 300-ҩык инареиҳаны ауааи 73 ак атехникеи. Ааигәа- сигәа иҟаз амҩақәа рҿы инхоз ауааԥсыра ахыргеит, аӡи алашареи дырцәеит, нхарҭа ҩнык ааха аиуит – уи ахь амцабз ииасит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/1e/1062692457_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_4a4afae6dea350847f2806da58bfeef5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио