Амра Қәаранӡиаԥҳа: 2016 шықәсазы Аԥсны аихамҩатә уал ахәҭак ашәоит

© Sputnik Томас ТхайцукАихамҩа. Архивтә фото
Аихамҩа. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп 263 миллион мааҭ зыртәо аихамҩатә уалхәҭа ашәара, иаанхоит миллиардки 710 миллиони рҟынӡа инаӡо ауал, ҳәа азгәалҭеит Амра Қәаранӡиаԥҳа.

АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. 2016 шықәсазы ареспубликатә биуџьет алагалахәҭа аизырҳара инадҳәаланы алшара ыҟоуп 263 миллион мааҭ зыртәо аихамҩатә уалхәҭа ашәара, ҳәа азгәалҭеит Амра Қәаранӡиаԥҳа Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны абҵара 19 рзы.

"2016 шықәсазы ареспубликатә биуџьет алагалахәҭа аизырҳара инадҳәаланы алшара ыҟоуп 263 миллион мааҭ зыртәо ауалхәҭа ашәара. 2017 шықәса ажьырныҳәа 1 азы иаанхоит ишәатәны миллиардки 710 миллиони мааҭ", — лҳәеит Афинансқәа рминистр.

Парламент. - Sputnik Аҧсны
Ареспубликатә биуџьет ахатәы лагалақәа ҩынтәны ирызҳаит

Акредит амаҵ ауразы 2016 шықәсазы иазыԥхьагәаҭоуп процент ҳасабла 48 миллиони 600 нызқь мааҭи ршәара, ҳәа ацылҵеит аминистр.

2009 шықәса лаҵарамзазы Аԥсни Урыстәылеи рнапхгаҩцәа рыбжьара аамҭала (10 шықәса) Аԥснытәи аихамҩа Урыстәылатәи Аихамҩақәа рахь аиасразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан. Ҩ-миллиардк инаӡоз акредит аихамҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара иазынархан.

Абри аганахьала аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2010 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0