Ареспубликатә биуџьет ахатәы лагалақәа ҩынтәны ирызҳаит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент.
Парламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа Реилазаараҟны аԥшьаша, абҵара 19 рзы имҩаԥган Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. Аилатәараҟны иалацәажәан 2016 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет.

АҞӘА, абҵара 19 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аминистрцәа Реилазаараҟны аԥшьаша, абҵара 19 рзы ирыдыркылеит "2016 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет" азакәан апроект азы Ақәҵара.

"Атәылаз ихадоу афинанстә документ ианыԥшуеит ареспублика асоциал-економикатә ҿиара ахырхарҭа хадақәа. Иазыԥхьагәаҭоуп акыршықәса ӡбра змамкәа инханы иҟаз апроблемақәагьы", — ҳәа азгәалҭеит афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаԥҳа.

2016 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет (еидкылоу) адефицит ҟазшьа аиуеит. Алагалақәа идыртәоит 13 миллиарди 487 миллион мааҭ, аныхрақәа идыртәоит – 13 миллиарди 584 миллион мааҭ. Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит иартәоит 96 миллион 600 нызқь мааҭ.

Здание администрации президента. - Sputnik Аҧсны
Хынҭәба: абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 11 миллиард мааҭ инаӡараны иҟоуп

Ареспубликатә биуџьет ахатәы лагалақәа ҩынтә инареиҳаны ирызҳаит. Ареспубликатә биуџьет аҟны азеиԥш лагала иартәоит – 11 миллиарди 522 миллион мааҭ, урҭ рҟынтәи ахатәы лагалақәа 3 миллиардки 754 миллион мааҭ ыҟоуп. Урыстәылатәи ацхыраара иартәоит 7 миллиардки 768 миллион мааҭ. Ареспубликатә биуџьет аныхрақәа идыртәоит 6 миллиардки 167 миллион мааҭ.

2016 шықәса рзы асоциалтә еиқәыршәаразы инашьҭуп 127 миллион 101 нызқь мааҭ. Ари 55 миллиони 192 нызқь мааҭи рыла еиҳауп ҵыԥх аасҭа. Аԥсахрақәа ирыҵаркит ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәеи зхала иҟоу анацәеи ирызшәахо ацхыраагӡақәа. Раԥхьаӡа акәны ареспубликатә биуџьет иалагалоуп 300 миллион мааҭ зыртәо аекономика аҿиараз апрограммақәа аԥара рыхшәаара. Иара убасгьы – атуризми ақыҭанхамҩеи рыҿиаразы 73 миллион мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0