АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik, Анжелика Бениа. Абҵара 20, 1934 шықәсазы диит Аԥсны раԥхьатәи апоетесса, жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәли ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алоуреат Нелли Ҭарԥҳа.
Апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа аԥсуа поетесса алитератураҟны ллагала дазааҭгылеит.
"Нелли Ҭарԥҳа аԥсуа прозаҿгьы, адраматургиаҿгьы, апублицистикаҿгьы аџьабаа збахьоу, кырӡа зышәҟәқәа рыла ҳаԥсуа жәлар зыргәырӷьахьоу шәҟәыҩҩуп. Уи лповестқәа "Бзыԥтәи аповест", "Маҵиса", лроманқәа, лпублицистикатә рҿиамҭа ду "Дәрыԥшь. уара уҵеицәа" уҳәа, иара убасгьы лара лажәеинраалақәа ҳлитератураҟны имыӡуа иаанхоит", – иҳәеит Лагәлаа.
Нелли Ҭарԥҳа Аԥсны анҭыҵгьы ибзианы дырдыруеит, еиҳарак Урыстәыла, Нхыҵ Кавказ.
"Нелли Ҭарԥҳа редакторк лаҳасабала аус рацәаны илухьан, аԥсуа литература иреиӷьӡоу аҩымҭақәа рыбжеиҳарак лара редакторс дрыман, иара убасгьы Ҭарԥҳа ахәыҷтәы литератураҟны лажәеинраалақәеи лажәабжьқәеи ҳаԥсуа школқәа рыҟны ирҵоит. Лџьабаа рацәоуп мшыннырцә инхоз апоет ԥсышәала иҩуаз Омар Беигәаа иҭынха ҳаԥсуа доуҳатә культура азнеишьараҿы. Апоетесса алитература аҭоурых аҟны лыхьӡ аанхоит", – ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.
Нелли Ҭарԥҳа диит абҵара 20, 1934 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Лқыҭаҿтәи абжьаратә школ даналга, 1954 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә педагогикатә институт, далгоит 1959 шықәсазы. Акыр шықәса инеиԥынкыланы аус луан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашараҿы", Аԥсны ахәыҷтәы фонд еиҳабыс даман.
1952 шықәса инаркны агазеҭқәеи ажурналқәеи рдаҟьақәа рыҟны публицистк иаҳасабала дцәырҵуеит. 1955 шықәсазы раԥхьатәи лажәеинраалақәа реизга ҭыҵуеит.
1952 шықәса инаркны лхатә ҩымҭақәа раԥҵара далагоит. Лажәеинралақәеи, лпоемақәеи, лажәабжьқәеи зну аизгақәа 15 инареиҳаны дравторуп. Илаҭәашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи, "Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы" ҳәа ахьӡи.
Нелли Ҭарԥҳа лыԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 2014 шықәсазы, 79 шықәса шылхыҵуаз.