Сириа Исламтәи Аҳәынҭқарра иатәу анефҭзауади анефҭеизгарҭеи дырхәашеит

© Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевые вылеты Дальней авиации ВВС РФ по объектам террористов в Сирии
Боевые вылеты Дальней авиации ВВС РФ по объектам террористов в Сирии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз аԥсшьарамшқәа раан урыстәылатәи аҳаирпланқәа 141 ԥырра ҟарҵеит, Алеппо, Дамаск, Идлиб, Латакиа, Хама, Хомс, Ракка, Деир-ез-Зор иахьрыҵанакуаз атеррористцәа робиектқәа ажәыларақәа рызуын.

АҞӘА, абҵара 23— Sputnik. Ииасыз аԥсшьарамшқәа раан урыстәылатәи аҳаирпланқәа 141 ԥырра ҟарҵеит, Алеппо, Дамаск, Идлиб, Латакиа, Хама, Хомс, Ракка, Деир-ез-Зор иахьрыҵанакуаз атеррористцәа робиектқәа 472 ажәыларақәа рызуын ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков.

"Урыстәылатәи аҳаирпланқәа 141 ԥырра ҟарҵеит, Алеппо, Дамаск, Идлиб, Латакиа, Хама, Хомс, Ракка, Деир-ез-Зор иахьрыҵанакуаз атеррористцәа робиектқәа 472 ажәыларақәа рызуын" — иҳәеит Конашенков.

Урыстәылатәи авиогәыԥ аҳаирпланқәа ҩымш рыла Сириа идырхәашеит анефҭзауад, анефҭеизгарҭа, атеррористцәа рбылтәымҩангага колонна ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков.

Ҳаџьымба: Урыстәыла Сириа имҩаԥнаго арратә операциа ашәарҭадара иазкуп

"Урыстәылатәи абомбакажьга ҳаирпланқәа авиобаза "Хмеимим" аҟынтәи иҵыԥрааит. Сириа аҩадатәи ахәҭеи мрагыларатәи ахәҭеи рҟны идырхәашеит анефҭзауад, анефҭеизгарҭа, атеррористцәа рбылтәымҩангага колонна", — иҳәеит Конашенков.

Анхарҭатә ҭыԥ Ракка 50 километр инацәыхараны анефҭаусадуларҭа зауад рбган. Иарбоу аобиектқәа атеррористцәа хылаԥшра азыруан.

Иара иажәақәа рыла, иҳаҩсыз аҩымш урыстәылатәи авиогәыԥ ахықәкқәа ҭарыԥшыхәуан. Аԥшыхәра хықәкны иаман Сириа иҟоу атеррористтә гәыԥқәа робиектқәа.

Арратә усҳәарҭа ахаҭарнак ишиҳәо ала урыстәылатәи аҳаирыпланқәа кьыс рымамкәа игьежьит авиабаза "Хмеимим" ашҟа.

Сириа апрезидент Башар Асад иҟаиҵаз азыҳәа ала цәыббра 30 раахыс Урыстәыла имҩаԥнагоит Исламтәи Аҳәынҭқарра аобиектқәа ржәылара. Ахархәара рырҭоит СУ-24М, Су-34, СУ-30СМ. Абҵарамзазы иара убасгьы ахархәара рыҭан аҳаирыпланқәа: Ту-160, Ту-95МС, Ту-22М3.

Ажәабжьқәа зегьы
0