Аенциклопедиатә жәар "Гранат" Амилаҭтә библиотекахь иргьежьуп

© Sputnik, Томас ТхайцукАшәҟәқәа
Ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ибиблиографиатә уарлашәарлоу – аенциклопедиатә жәар "Гранат" Аԥсны амилаҭтә библиотекахь иргьежьуп.

АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы иӡыз аенциклопедиатә жәар "Гранат" Амилаҭтә библиотекахь иргьежьуп, иҳәеит абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

Борис Ҷолариа: ауаатәыҩса ахаангьы ашәҟәы мап ацәыркуам

"Адунеи абиблиотекатә ус аҟны иуарлашәарлоу ахҭыс ҟалеит. Абжьааԥны иӡуа ашәҟәқәа аусӡбарала идыргьыжьуеит, аха Константин Ануа ихала иаҳзааигеит аенциклопедиатә жәар", — ациҵеит уи.

Ҷолариа иазгәеиҭеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз иуарлашәарлоу ашәҟәқәа ахьыҵәахыз афонд аҟны иҟаз аҭыжьмҭақәа зегьы шырӷьычыз. 

"Сара сгәы иаанагомызт ашәҟәқәа Аԥсны иҟоуп ҳәа. Акыр шықәса рышьҭахь ашәҟәқәа ҳнапаҿы иҟалеит", — иҳәеит уи.

Амилаҭтә библиотека аиҳабы иажәақәа рыла абиблиотека ашҟа иргьежьуп 39 шәҟәы 56 рахьтә, урҭ рыбжьара Аԥсны иазку аинформациа зну аенциклопедиа актәи атом.

Ҷолариа иазгәеиҭеит аенциклопедиатә жәар "Гранат" аҭҵаарадырратә ҵак ду шамоу.

"Аенциклопедиа аҵакы уахәаԥшуазар, уи Брокгаузи Ефрони ренциклопедиа иаҵахом, иҟалап иаԥнагозаргьы. Имаҷуп ари аизга змоу Урыстәылеи Ахьыԥшымра змоу Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара рбиблиотекақәа", — иҳәеит уи.

Борис Ҷолариа агәыӷра ааирԥшит аенциклопедиа афонд иагу ашәҟәқәа зегьы абиблитекахь иргьежьхап ҳәа.

"Иҟалап иагу ашәҟәқәа Аԥсны иҟазар. Урҭ ахәаанхыҵ иагазаргьы, аҳәара ҟасҵоит идыргьежьразы", — азгәеиҭеит Ҷолариа.

Аенциклопедиатә жәар Аурыс библиографиатә институт Гранат – Урыстәыла ареволиуциа ҟалаанӡатәи иреиҳаз универсалтә енциклопедиан. Уи ҭыҵуан 1898 шықәса инаркны 1950 шықәсанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0