Борис Ҷолариа: ауаатәыҩса ахаангьы ашәҟәы мап ацәыркуам

© flickr.com / GinnyКниги.
Книги. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ашәҟәы амши автортә хатәра амши 1996 шықәса раахыс мшаԥымза 23 рзы иазгәарҭоит.

АҞӘА, мшԥ 23 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Ауаҩытәыҩса ахаангьы ашәҟәы мап ацәыркуам, иҳәеит Аԥсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

"Анцәа иажәа – Евангелие ҟалеижьҭеи ашәҟәы иамоу аҵакы ацәымӡыцт. Ашәҟәы акьыԥхьтә информациа ныҟәызго хархәага хадоуп. Аелектронтә шәҟәқәа хыԥхьаӡара рацәала рцәырҵра хәмаррак аҳасаб ала сахәаԥшуеит. Сгәаанагарала, икьыԥхьу ашәҟәы уанаԥхьо уи иунаҭо аинформациа адагьы, агәалаҟазаара бзиа унаҭоит", — иҳәеит Ҷолариа.

Раԥхьатәи аԥсуа шәҟәы 1912 шықәсазы иҭыҵыз Дырмит Гәлиа авторс дызмоу "Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи" агазеҭ қьаад аҿы икьыԥхьын, аха зегь акоуп уи ҳара ҳзы аҵак ду амоуп.

Амилаҭтә библиотека аиҳабы иажәақәа рыла, Санкт-Петербургтәи амилаҭтә библиотека аҟны иҵәахуп екземплиарк мацара иҟоу аԥсышәала иҩу Евангелие, уи 1907 шықәсазы иҭыҵит.

"Уи сара ианызба аҳәара ҟасҵеит ацифровка ҟаҵаны акьыԥхьра азы алшара ҳарҭарц. Ари ҳара ҳдоуҳатә мазара ауп, уи Аԥсны иҟазар ахәҭоуп", — азгәеиҭеит Ҷолариа.

Аелектронтә шәҟәқәа икьыԥхьу ашәҟәқәа рзыԥсахуам ҳәа лгәы иаанагоит аҳҭнықалақь ашәҟәыҭиирҭақәа руак аиҳабы Џьульетта Валерджиан.

"Есыҽны ашәҟәыҭиирҭахь иааиуеит аҿар рацәаны, аклассикатә шәҟәқәа аархәоит, иара убас аҟазара, аҭҵаарадырратә, афантастикатә литература уҳәа", — ацылҵеит уи.

Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ашәҟәы амши автортә хатәра амши 1996 шықәса раахыс мшаԥымза 23 рзы иазгәарҭоит.

Ари амш машәырны иалхым, мшаԥымза 23 рзы иит еицырдыруа ашәҟәҩҩцәа Морис Дриун, Хольдур Лакснесс, Мануель Мехиа Валехо, ари амш аҽны 1616 шықәсазы рыԥсҭазаара иалҵит Мигель де Сервантес, Уильиам Шекспир, Инка Гарсиласо де ла Вега.

Ажәабжьқәа зегьы
0