АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Афедерациа ахадеи Владимир Путини Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара "Аидгылареи астратегиатә еилахәыреи рзы" Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит 2014 шықәса абҵара 24 рзы Путин Шәачатәи ирезиденциа "Бочаров ручей" аҟны.
Заа, урыстәылатәи аган иазнархиаз аиқәшаҳаҭра апроект Аԥсныҟа иаашьҭын жьҭаара 13 рзы. Абҵара 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит ихарҭәааны арҽеирақәа злагалаз адокумент атәыла Ахада инапаҵаҩразы.
Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭон атәылахьчареи ашәарҭадареи рганахьала азеиԥш ҵакыра аԥҵара. Убри аҟны ицхырааганы иазыԥхьагәаҭан аҳәынҭқаррақәа рыҩбагь рыр рзеиԥш гәыԥ аԥҵареи аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа ркоординациатә центр аиҿкаареи.
Адокумент аус аулоит анапы анаҵаҩха инаркны жәашықәса рыҩныҵҟа. Убри аан иҟоуп алшара ԥхьаҟагьы ацҵаразы, аганқәа руак адокумент аусура аанкылара шаҭаху азы егьи аган аҩыратә дырра анамҭар.
Шәачатәи реиԥылараан Урыстәыла Афедерациа ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит 2015 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсны иазынанашьҭуеит 5 миллиардк мааҭ аԥара, анапы зҵаҩу адокумент ахәҭаҷқәа рынагӡаразы. Иара иазгәеиҭеит ацхыраара уаанӡатәи ашықәс иадкыланы ҩынтәны еиҳахоит ҳәа.
"Аусдҵа ҿыцқәа ҳаԥхьа иқәгылоуп. Урҭ рынагӡара ҵаҵӷәны иамоуп афинанстә цхыраара. 2015 шықәсазы Аԥсны азоужьра ахықәказы ишьақәыргылоуп 5 миллиардк мааҭ аԥара анашьҭра", — ҳәа реиҳәеит Путин ажурналистцәа.
2009-2013шш. рзы Аԥсны ацхырааразы урыстәылатәи абиуџьеттә инвестициақәа идыртәеит 11 миллиард мааҭ. 2010 шықәса инаркны Аԥсны еиҭашьақәыргылан 160 обиект.
Анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра иаанарԥшуеит аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьа бзиа иҳәеит Урыстәыла ахада. Иара иажәақәа рыла адокумент ианыԥшуеит урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рхырхарҭақәа – аекономикеи, асоциалтәи, агуманитартәи усхкқәа рҟны, иара убасгьы атәылахьчареи ашәарҭадареи рҟны.
Иара убри амш азы Аԥсны атәылауаа аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ишадгылоу аарԥшуа аизарақәа мҩаԥыргеит. Аизарақәа рҟны иқәгылоз ирҳәон аиқәшаҳаҭра Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызара шарӷәӷәо, амилаҭтә политикеи атәыла ашәарҭадареи рымчра аизырҳара ишазырхоу.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа иазгәеиҭеит иқәгылараҟны аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарра арӷәӷәара ишазырхоу.
Жәлар Реизара адепутат Даур Аршба далацәажәеит Қарҭ абри аиқәшаҳаҭра иаҿагыланы ақәгыларақәа шымҩаԥыргоз. Иара иажәақәа рыла қарҭаа ацәшәара рымоуп аполитикатә зҵаарақәа мчрала рыӡбара уажәшьҭа ирзалыршарым ҳәа.
Иара убри амш азы аоппозициатә политикатә партиа "Амцахара" иаднакылеит арезолиуциа, уаҟа урҭ ақәыӡбеит аиқәшаҳаҭра апроект аус адулараан анагӡаратә мчрақәа русуреи русура аметодқәеи. "Амцахара" аҳәынҭқарра ахада идыргалеит ушьҭантәи аиқәшаҳаҭрақәа аус рыдулараан ирыдыԥхьалазарц аоппозициатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи.
Уаанӡа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы рыҵарыҩхьан 80 инареиҳаны аҳәынҭқаррабжьаратә документқәа. Арахь иаҵаркын аԥсҭазаара аусхкқәа зегьы. Аиқәшаҳаҭра анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазырхиан иара убас аизыҟазаашьа ҿыцқәа зныԥшуа 30 рҟынӡа еиқәшаҳаҭра.
Арахь иаҵанакуеит атәылахьчареи ашәарҭадареи, асоциалтәи агуманитартәи егьырҭ аусхкқәеи рызҵаарақәа.
2015 шықәса лаҵарамза 15 рзы Шәача ақалақь аҟны Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылараан Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩызар аахыс рнапы шаҵарыҩхьоу атәанчахәратә еиқәыршәареи, абиуџьетникцәа хаз иго ркатегориақәак рулафахәы ашьҭыхрази аиқәшаҳаҭра маҷқәа.
Иара убасгьы Аԥсны ахада иазгәеиҭеит атәылахьчареи, аҳәаахьчареи, аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа русуреи ирыҵаркуа азҵаарақәа аус рыдулара ишаҿу.