Инал Ҳашыг: Аԥсны ахатәы АИХ ахьчалароуп, иагьарҿиалароуп

© Sputnik Томас ТхайцукИнал Ҳашыг
Инал Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 30 рзы иазгәарҭоит аинформациа ахьчара Жәларбжьаратәи Амш.

АҞӘА, абҵара 30 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аҳәынҭқарра иаԥшаароуп ахатәы амассатә информациа ахархәага ахьчареи адгылареи алзыршо амчрақәа, зегь раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарра аинтересқәа абри иаҵанакуа иҟазароуп, иҳәеит ҳкорреспондент аинтервиу иҭо ажурналист Инал Ҳашыг.

Ҳашыг иажәақәа рыла Аԥсны ахатәы амассатә информациа хархәагақәа ахьчалароуп, иагьарҿиалароуп.

"Ҳара иаабоит амассатә информациа ахархәагақәа рҵакы аҩаӡара, аиҳаракгьы хаҭала аҿаҵара змоу ажәабжьқәа анырацәоу. Ухазы аиашаҵәҟьа ауаа рызнагаразы ахыҵхырҭа аҟынтәи уалагалароуп. Зегьы иреиӷьуп ҳара ҳхы ҳахцәажәалар, аҽаӡәы идымҵакәа", — ҳәа азиԥхьаӡоит ажурналист.

Иара иазгәеиҭеит – адунеи, иаԥырҵахьоу аԥҟаррақәа ирықәныҟәаны аус шауа.

"Ауаҩы аҩны ателербага аиркыма, аинтернет ааиртыма, иара ус иҭел шьҭихма – иарбанызаалак дыррақәак иоуеит. Аҩны ддәылымҵӡакәагьы адунеи аҟны иҟоу ахҭысқәа дрыгәҭыларкуеит", — ҳәа ациҵоит иара.

Ҳашыг инаҵшьны иазгәеиҭеит апрогресс убранӡа аҩаӡара ҳаракхеит, иарбанызаалак адунеи ахы-аҵыхәа аҟны аинформациа уоур улшоит ҳәа. Аҽа зҵаароуп иуоуа аинформациа заҟа хаҿы аманы иҟоу, иахьынӡаиашоу, ҳәа дахәаԥшуеит Ҳашыг.

Иахьатәи адунеи аҟны аҿиара бзиа змоу аҳәынҭқаррақәа аинформациа ахьчара акыр иазхьаԥшуеит. Уи аҩыза аҭагылазаашьа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа уҳәо иҟам.

Хаджимба: ИКЦ МВД – это возможность исправить положение дел в стране - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: аинформациа-координациатә центр аҭагылазаашьа ҭышәнартәалоит

1988 шықәса рзы акомпиутертә хархәагақәа америкатәи Рассоциациа (Computer Security Day) ирыланаҳәеит абҵара 30 аинформациа ахьчара Жәларбжьаратәи Амш ауп ҳәа.

Ари аҩыза алаҳәара ҟаҵо Ассоциациа иагәҭакын акомпиутертә информациа ахьчара шаҭаху зегьы ргәаларшәара, иара убасгьы акомпиутертә хархәагақәа аԥызҵои зхы иазырхәои ашәарҭадара апроблемақәа рызхьарԥшра. Аныҳәа ахацыркразы 1988 шықәса машәырны иҟамлеит. Абри ашықәс азоуп раԥхьатәи амассатә епидемиа "ахәаҷа" аназгәаҭаз (раԥхьатәи акомпиутортә вирус цәырҵит 1983 шықәса рзы).

Убысҟан ауп аҟазацәа азхәыцра ианалагаз аинформациатә шәарҭадара ахьчара комплексла иазнеитәуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0