Асланкаиа кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа ахадас деиҭалхуп

© Sputnik фото предоставлено Инаром ГицбаИашар Асланкаиа
Иашар Асланкаиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иашар Асланкаиа Ҭырқәтәыла иҟоу кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа ахадас деиҭалхуп ҳәа ҳзааицҳаит Инар Гыцба.

АҞӘА, абҵара 30 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Иашар Асланкаиа Ҭырқәтәыла иҟоу кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа ахадас деиҭалхуп, ҳәа ҳзааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцба.

Кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа абыжьбатәи асессиа ду аан деиҭалырхит аиҿкаара ахантәаҩы, иара убасгьы иалырхит Афедерациа ахеилак алахәылацәа. Асессиа мҩаԥысит Сҭампыл ақалақь аҟны абҵара 29 рзы. Инар Гыцба иажәақәа рыла Асланкаиа ҩышықәса ҵуеит Афедерациа ахантәаҩыс дыҟазижьҭеи. Иара ида уаҳа аӡәгьы ихьӡ ҳәамызт Афедерациа ахантәаҩыс ҳәа.

"Иашар Асланкаиа аиҿкааратә ҟыбаҩ ҷыда злоу уаҩуп. Иара иҟны еилаӡҩоит итрадициатәу кавказтәи адоуҳатә малқәеи урҭ амалқәа аиҵагылара иаҿу аҿар рҟынӡа анагара аҽазышәареи", — ҳәа азгәеиҭоит Гыцба.

Уаанӡа адырра ыҟан Ҭырқәтәыла иҟоу кавказтәи адиаспора аԥхьагыла иалхреи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа аԥхьагыла иалхреи еиԥшуп ҳәа. Кавказтәи Афедерациа иалахәу акультуратә центрқәа рхаҭарнакцәа нарышьҭуеит аизарахь, уаҟа урҭ абжьыҭира мҩаԥыргоит анапхгара алахәылацәа ишьақәдыргыло асиа инақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0