АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гәогәуа излазгәеиҭеиҭаз ала, ҳазҭагылоу аамҭазы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа Аԥсны ианымԥшырц залшом.
"Арҭ ашықәсқәа зегьы ҳара иаҳҳәоз акакәын: Урыстәыла, ҳара ҳзы астратегиатә, аекономикатә ҟазшьа змоу партниоруп, агәыларатә еизыҟазаашьа бзиа ҳабжьоуп, хырхарҭа рацәала адгылара ҳнаҭоит ҳәа. Убри аамҭазы, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика, хадара зуа аҩбатәи аекономикатә хырхарҭа змоу партниоруп".
Зегь раԥхьаӡа иргыланы, уа инхоит хыԥхьаӡара рацәала ҳдиаспора. Владимир Путин инапы зҵаиҩыз аусԥҟа, Аԥсны аекономика ианымԥшырц залшом. Аӡәгьы изы имаӡам, Ҭырқәтәылеи ҳареи аус шеицаҳуа.
Ҭырқәтәылеи Аԥсынтәылеи ирыбжьоу ахәаахәҭра иартәоит 200 миллион доллар. Аинвестициа ҳахәаԥшуазар, Ҭырқәтәылантә, ҳдиаспора рхаҭарнакцәа рыла иаауа аинвестициа еиҳа еиҳауп, Урыстәылантә аасҭа. Иаҳҳәозар, ақыҭанхамҩа, атуризм, аԥсыӡ иадҳәалоу аусмҩаԥгатә, абнатә нхамҩа уҳәа, абарҭқәа зегь рҟны, ҳара иаҳбарҭоуп ҭырқәтәылатәи аинвестициақәа шырацәоу.
2016 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара иҟало авизатә режим, Аԥсны аекономика ианымԥшырц залшом. Аӷбақәа зегьы, ҳара ҳахь иаауеит Урыстәылантәи.
Сонер Гәогәуа игәаанагарала, Урыстәыла аҳасаб аднакылар, ҭырқәтәылатәи аӷбақәа рбаӷәазахь аамышьҭра — уи ахатә гәанаагароуп иаанарԥшуа, иҟалаз аҭагылазаашьа ауп изыхҟьаз.
Аԥсны аекономика хьысҳауп, Тырқәтәылатәи абизнес ара иаҳаркыр, хымԥада афинанстә ҭагылазаашьа ианымԥшырц залшом. Астратегиатә партниорцәақәак раҳасаб ала, ҳара ҳара ҳаицхыраароуп. Қырҭтәыла ҳара иҳаӷоуп, аҭынчразы аиқәшаҳаҭра ҳабжьаӡам. Аха, убри аамҭазы, Урыстәылеи Қырҭтәылеи ирыбжьоу ахәаахәҭра иацҵоуп. Сара сақәшаҳаҭӡам, Аԥсны, ҭырқәтәылатәи абизнес аанкылара аус.
"Сгәыӷуеит, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рызҵаара ҭышәынтәалахап ҳәа. Аԥсылмантә Ҳәынҭқарра — ари жәларбжьаратәи терроризмуп. Ҳара ҳҳәаақәа ҳахьчароуп, ахылаԥшра ҳарӷәӷәароуп. Аҳәаа аркра-ари азҵаара азыӡбаӡом, Аԥсны аекономика аизҳара иахәаӡом", — иҳәеит Гәогәуа.
Иара убас иҵегь иазгәеиҭеит, аӡәгьы ишизымдыруа анаҩстәи аҭагылазаашьақәа рыҿиашьа. Уажәы, аинвесторцәагьы, абизнесменцәагьы аԥхьаҟа иҟало иазыԥшуп.
Аԥсныи Ҭырқәтәылеи аиӷара рыбжьаӡам. Ҭырқәтәылатәи аиҳабыра агха ду ҟарҵеит, уи азы аҭакԥхықәра раԥхьа ишьҭоуп. Ҳаизыҟазаашьа аанкылара, иҽеиу акахьы ҳкылнагом. Асовет аамҭахьы ҳзыхынҳәӡом, ҳҳәаақәагьы ҳзаркӡом. Иҟоуп ауадаҩрақәа, урҭ ҳасабтәуп, уи азы иҟоуп адипломатцәа.