Адукат Берулаа: аусҭҵаара аматериалқәа рҟны аиҿагыларақәа ыҟоуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаАнқәаб иганахьала ацәгьоура иадҳәалоу аусҭҵаара
Анқәаб иганахьала ацәгьоура иадҳәалоу аусҭҵаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб иганахьала ацәгьоура иадҳәалоу аусҭҵаара изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит ахаша, ԥхынҷкәын 2 рзы, ҳзааицҳаит ҳкорреспондент аӡбарҭатә зал аҟынтә.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб иганахьала ацәгьоура иадҳәалоу аусҭҵаара изаамҭанытәиу аилатәараан ахара здырҵо Анзор Быҭәба идукат Омар Берулаа иазгәеиҭеит аус адокументқәа рҟны аиҿагыларақәа рацәаны ишыҟоу. Абри атәы ҳзааицҳаит ҳкорреспондент аӡбарҭатә зал аҟынтә.

Адукат дазхьаԥшит агәаҭара аԥкаанҵа ақәҵареи апрокуратура рхарадҵатә хыркәшеи аивыгарақәа рыманы ишыҟоу.

"Аԥкаанҵаҟны иануп Анзор Быҭәба имырхыз ателефон Nokia 6300 ауп ҳәа, ахарадҵаратә хыркәшараҟны иануп имырхыз ателефон Nokia 6500 ауп ҳәа", — иҳәеит Берулаа.

Ахьчаҩ иазгәеиҭоит асеиԥш иҟоу аиқәымшәара аус аиқәырҽаҽара иазырхоуп ҳәа.

"Аԥкаанҵа инақәыршәаны аӡбаҩ Быҭәба иҩнаҿоуп аԥшаарақәа ахьымҩаԥигаз, аказармаҿ аӡәгьы акгьы дашьҭаӡамызт. Быҭәба арԥжәагатә маҭәашьар ҟаиҵозар ашьҭақәа хымԥада инхон. Аԥшаарақәа раан ацәгьоура ашьҭақәа уаҩы иҭиҵаауамызт", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иациҵеит еиҭагьы аилахәарақәа шыҟоу.

"Аусҭҵаара ишьақәнарӷәӷәоит Александр Анқәаб ианиқәлаз амш аҽны (2012ш, жәабран 22), зус рыӡбоу Алхас Хәытаба Анзор Быҭәба аҭел дизасуан ҳәа. Иара убри аан зинтересқәа сыхьчо ахаҿы убриаан дахьыҟаз аҭыԥ џьаргьы иарбам", — иҳәеит адукат.

Уи иара оумашәа ибоит.

"Быҭәба ителефон шықәсыбжак иназынаԥшуа иазыӡырҩуан, нас дахьыҟаз зырзышьақәмыргылазеи?", — ҳәа азҵаара ықәиргылеит ахьчаҩ.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ацәгьоура аныҟала ашьҭахь Анзор Быҭәба ҭелла ицәажәарақәа џьаргьы ишарбам.

"Избан жәабран 22 рышьҭахь Быҭәба ителефон азыӡырыҩрра заанкылаз, егьырҭ ирзыӡырыҩуазҭгьы", — иҳәеит иара.

Иара иазиԥхьаӡоит Анзор Быҭәба ҭелла ицәажәарақәа рматериалқәа ԥаршеиркуп ҳәа.

Суд. - Sputnik Аҧсны
Анқәаб ишьразы аҽазышәара иазку аӡбаратә зыӡыҩррақәа аамҭала аанкылоуп

Иара игәаанагарала Анзор Быҭәба иаанкылара ҵаҵӷәы аманы иҟамызт. (Апрокуратура Анзор Быҭәба иааихәаз автомобиль ахархәаралоуп Анқәаб иқәлара шымҩаԥгаз ҳәа – аред.).

Ахьчаҩ, Анзор Быҭәбеи Мурҭаз Сақаниеи реицәажәара даԥхьеит, иагьазгәеиҭеит аматериалқәа рыла излацәажәо шузеилымкаауа.

Анқәаб иганахьала ацәгьоура мҩаԥыргеит ҳәа ахара рыдҵоуп Анзор Быҭәба, Ҭамаз Барцыц, Едлари Едгари Ҷыҭанаа, Рамзи Ҳашыг, Асҭамыри Алхаси Хәытабақәа, Русҭан Гыцба, Мурҭаз Сақаниа. Иара убасгьы ахара идҵан иԥсыз Алмасбеи Қчач.

2005ш. инаркны 2012ш. рҟынӡа Александр Анқәаб фынтә иԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылахьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0