Анқәаб ишьразы аҽазышәара иазку аӡбаратә зыӡыҩррақәа аамҭала аанкылоуп

© Sputnik Бадра АвидзбаСуд.
Суд. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб ишьразы аҽазышәара аус аганахьала аӡбаратә зыӡырыҩррақәа мҩаԥысуан цәыббра 4 рзы.

АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб ишьразы аҽазышәара аус аганахьала аӡбаратә зыӡырыҩррақәа аанкылоуп зус рыӡбуа Русҭан Гыцбеи, рамзи Ҳашыги, Едгар Ҷыҭанааи аӡбаратә процесс ахалархәра мап ахьацәыркыз иахҟьаны.

Урҭ рмапкра амадоуп зус рыӡбуаз Едлар Ҷыҭанаа 2015 шықәса нанҳәа 17 рзы аӡбарҭатә зал дахьдәылыргаз. Дгыларак аҳасабала дара уажәы мап ацәыркит аӡбара ахалархәра.

Апрокурор Мимоза Ҵышәԥҳа аӡбаҩцәа дрыҳәеит зус рыӡбоу мчыла аӡбарҭатә зал ахь иааргарц, избанзар зус рыӡбоу аламырхәыкәа аус аӡбара Ашьаус-процессуалтә кодекс анормақәа ирҿагылоит.

"Ашьаус-процессуалтә кодекс анормақәа инарықәыршәаны, зус рыӡбоу аӡбарҭахь имааиуазар азин ыҟоуп урҭ мчыла арахь раагара", — лҳәеит Ҵышәԥҳа.

Адукат Константин Чагәаа апрокурор дылҿагылеит иагьазгәеиҭеит асеиԥш шыҟамло.

"Аӡбаҩ азин имоуп иҭакым ауаа мчыла аӡбарҭахь раагара аха азин имам иҭаку мчыла аӡбарҭахь раагара", — азгәеиҭеит Чагәаа.

Аӡбаратә коллегиа аҭыԥ аҟны ианеилацәажәа ашьҭахь ирыӡбеит зус рыӡбо, иҭаку ауаа мчыла аӡбарҭатә зал ахь раагара ҟалом ҳәа.

"Акануеи маҵзура иалшо зегь ауроуп зус рыӡбо ауаа аӡбаратә зал ахь раагаразы, даргьы акануеи маҵзура иацныҟәароуп аха уи мап ацәыркзар аӡбаҩ азин имоуп зус рыӡбоу аҟарса иҭеикыр, рҭаацәеи дареи реиԥылара азин ҟаимҵар, аха илшом мчыла аӡбарҭахь рнагара", — иҳәеит хантәаҩра зуаз аӡбаҩ Роман Кәарҷиа.

Кәарҷиа иажәақәа рыла, зус рыӡбоу аилатәарахь имааир, аӡбаҩ апроцесс ԥхьаҟа амҩаԥгаразы аусдҵа идикылоит.

Анқәаб ишьразы аҽазышәара аус аганахьала аӡбарҭа амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ҭнаҵаауеит - Sputnik Аҧсны
Анқәаб иус аганахьала аӡбарҭа амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ҭнаҵаауеит

Асҭамыр Хәытаба идукат Роберт Кеиан аӡбаҩцәа ирыдигалеит зус рыӡбоу игәабзиара аганахьала Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟынтә аршаҳаҭга. Адокумент инақәыршәан Хәытаба арыԥҳачымазара имоуп.

Абри инадҳәаланы ахьчаҩ аҳәара ҟаиҵеит Хәытаба Гәылрыԥшьтәи адиспансер аҟны игәабзиара ҭырҵаарц азы. Аӡбаҩцәа ари аҳәара иахаҵгылеит.

Изаамҭанытәиу аусӡбара мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 9 рзы.

Анқәаб ишьразы аҽазышәара мҩаԥыргеит ҳәа аара рыдҵоуп Анзор Быҭәба, Ҭамаз Барцыц, Елдари Едгари Ҷыҭанаа, Рамзи Ҳашыг, Асҭамыри Алхаси Хәытабаа, Русҭан Гыцба, Мурҭаз Сақаниа. Иара убасгьы аара идҵан зыԥсҭазаарар иалҵыз Алмасбеи Қчач.

2005 шықәса инаркны 2012 шықәса рҟынӡа Анқәаб ишьразы аҽазышәарақәа фынтә имҩаԥыргахьан, аҵыхәтәан – 2012 шықәса жәабран 22 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0