Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра "Иҟәышу аклассӷәы" ҳамҭас иаиуит

© flickr.com"Иҟәышу аклассӷәы". Архивтә фото.
Иҟәышу аклассӷәы. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны", Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ҳамҭас ианаҭеит "Иҟәышу аклассӷәы" захьӡу амыруга.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа."Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гәогәуа излеиҳәаз ала, Гагратәи ашкол лицеи ас еиҧш иҟоу амыругақәа ҧшьба афонд ахьӡала  ҳамҭас ирырҭеит.

© Foto / Сырма АшәԥҳаАҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ҳамҭас иаиуит "Иҟәышу аклассӷәы" захьӡу амыруга.
Аҧсны аҵареи аҭҵарадырреи рминистрра Иҟәышу аклассӷәы» ҳамҭас иаиуит. - Sputnik Аҧсны
Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ҳамҭас иаиуит "Иҟәышу аклассӷәы" захьӡу амыруга.

Сонер Гәогәуа, Аҧсны аҵареи аҭҵаареи рминистр Адгәыр Какоба, иааиуа Ашықәс ҿыц идныҳәалауа иазгәеиҭеит, аҵара зҵо ҳҿар, ҳаамҭа иақәшәо атехнологиа ҿыцқәа рыла рдырра еиздырҳаларц шырҭахыу.

"Ҳара агәаҳәара ҳамоуп ҳҿар аҵара-дыррахь ирымоу аҧышәа аизырҳара аус аҿы иҳалшо ала ацхыраара рыҭара.  Аҧхьаҟагьы, хымҧада, ҳфонд ахьӡала адгылара ҟаҳҵоит", — иҳәеит Сонер Гәогәуа.

Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба, афонд ахада Сонер Гәогәуа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз аҳамҭа ду азы.

"Иахьатәи аҵара-процесс аҿы даара ацхыраагӡа ҟанаҵоит иаҳзаажәгаз амыруга. Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҟны ахархәара маншәалоуп. Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи русеицуразы зеиӷьыҟам акоуп. Аҵаҩы лабҿаба иибо, ҳәарада агәынкыларагь изыманшәалоуп.  Иҭабуп, Ашықәс ҿыц аламҭалазы иаҳзыҟашәҵаз аҳамҭазы", — иҳәеит Адгәыр Какоба.

Ан лымш азгәарҭеит Гагра

"Иҟәышу аклассӷәы",  цырак 3.500 доллар иаҧсоуп.

"Жәларбжьаратэи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гәогәуа иазгәеиҭеит, есышықәса ҩба-ҩба цыра ас еиҧш иҟоу аклассӷәқәа Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ишанаршьало. Анаҩс, аминистрра иҟанаҵо алкаала, Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рахь еихшаны, ашколқәа ирыҭахоит.

Сонер Гәогәуа, Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба, еицымҩаԥырго русурақәа рзы ианеишьеит аҳаҭыртә шәҟәы. Уи аминстр ахә ҳаракны ишьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0