Абхазавтодор: аилаҳара амашьынақәа рныҟәара амҩаҿы иаԥырхагамхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмҩа.
Амҩа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша ԥхынҷкәын 2 рзы аурыс-аԥсуа ҳәаа аҿы унаӡаанӡа 11 км. шыбжьоу ареспубликатә мҩа аҿы аҵыргәатә ҭӡы еилаҳаит. Амашьынақәа рныҟәара иаԥырхагамхеит, абри атәы Sputnik иазааицҳауеит Леонид Лолуа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҩаша ԥхынҷкәын 2 рзы Гагра араион "Холодная речка" ааигәара, аурыс-аԥсуа ҳәаа аҿы унаӡаанӡа 11 км. шыбжьоу ареспубликатә мҩа аҿы аҵыргәатә ҭӡы еилаҳаит, абри атәы ҳзааицҳаит Аҳәынҭқарратә хеидкыла "Абхазавтодор" ахада Леонид Лолуа.

"Аилаҳара ҟалеит амш актәи азбжазы. Ԥырхага аӡәгьы имоуӡеит. Уажәазы ҳара ҳусуҩцәа аԥхасҭа ахьынӡаҳнаҭаз еилыркаауеит", — иҳәеит Лолуа.

Уи иажәақәа рыла, иҟалаз амашьынақәа рныҟәара хадара злоу амҩаҿы иаԥырхагамхеит.

"Ҳара аныҟәара аанаҳамкылаӡеит, ус иҟаҳҵаратәы аҭагылазаашьа ыҟамызт. Хымԥада, аҵыргәатә ҭӡқәа амҩа ишәарҭоу аҭыԥқәа рҿы рырҽеира аҭахыуп. Арҭ аҭыӡқәа ргылан 50 шықәса раԥхьа, ахаангьы арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргомызт. Дара ажәит, уи ауп изыхҟьазгьы аилаҳара", — иҳәеит Лолуа.

"Абхазавтодор" ахеидкыла аусзуҩцәа аԥхасҭа ахә аныршьалакь, ргәы иҭоуп аҳәынҭқарра ахадарахь аҳәара ҟарҵарц афинанстә цхыррара рырҭарц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0