Цира Габниаԥҳа: аибашьра мышкала иаҳхысуаз џьаҳшьон

© Sputnik Роберт ДжопуаЦира Габниа.
Цира Габниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарадыррақәа ринститут аусуҩ Цира Габниаԥҳа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Ашьхаруаа жәлар Рконфедерациа аштаб аҟны аус зуаз лгәалашәарақәа рыцеиҩылшеит Зураб Ачба ихьӡ зху "Ақәымчра зцым адунеи" ацентр анысымҩатә салон аҟны еизаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарадыррақәа ринститут аусуҩ Цира Габниаԥҳа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Ашьхаруаа жәлар Рконфедерациа аштаб аҟны аус зуаз лгәалашәарақәа рыцеиҩылшеит Зураб Ачба ихьӡ зху ацентр анысымҩатә салон аҟны еизаз.

"Ҳара ҳгәы иаанагон аибашьра мышкы ахы-аҵыхәала еилгап ҳәа. Ҩныҵҟала, ԥсихологиатә ҭагылазаашьала ҳара аибашьра ҳазыҟаҵамызт. Шәарҭара дук ҳазыԥшымызт, избанзар ақырҭцәа рмитингқәа есыҽны иаабоз-иҳаҳауаз ракәын. Аԥсны ҳара иҳадгьылуп ҳәа иҳәҳәо иҳалан", — лҳәоит Цира.

Лара лгәалашәарақәа рыла аибашьраан иара еиҿцәажәарыла аанкылара алыршахап ҳәа дгәыӷуан.

"Ҳара ара ҳаицынхоит, нас ҳаиҿагылан ҳашԥеибашьри ҳәа сыҟан. Ҳаигәылацәоуп. Агәыла агәы даҩызоуп рымҳәои. Агәыла уыуа иаасҭагьы дгәакьоуп. Арыцҳара уақәшәар аԥхьа иааиуагьы иара иоуп. Аиашаз агәра ҳазгаҵәҟьомызт", — лҳәоит лара.

Цира Габниаԥҳа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Ашьхаруаа жәлар Рконфедерациа аштаб аҟны аус луан. Аусутә даара ишырацәазгьы аибашьраҵәҟьаҟны иҟази иареи еидкылашьа рымамкәа дахәаԥшуеит лара.

Ирина Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
Ирина Кәакәасқьырԥҳа: Руслан иҭихыз ссахьа санахәаԥшуа зегь сызҿыцхоит

"Аибашьратәи мшыки аштаб аҟны мшыки ҳәарада еиваҟәалом, иузеидкылом. Уаҟа аԥсра аҳра ауан, ҳара ҳахьыҟаз ԥсҭазааран. Аԥсра уазцо аԥсҭазаара аныухьчоз аамҭан", — азгәалҭоит Цира.

Лара лажәақәа рыла аиааира аагаҵәҟьеит, ҳәа лҩызцәеи лареи еилыркааит Аҟәа ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь. Иара убри аамҭазы, уа Гәдоуҭа дахьыҟаз, агәырӷьара аасҭа алаӷырӡ лиааиуан, избанзар урҭ амшқәа рзы иҭахаз рацәоуп. Аибашьраҵәҟьа иаҿыз, аӷа иҿагылаз, аиааира аазгоз еиҳа игәырӷьозар ҟаларын, ҳәа ацылҵоит лара.

Анысымҩатә салон аартра аидеиа цәырҵит Зураб Ачба ихьӡ зху ацентр "Ақәымчра зцым адунеии" анемец ҭоурыхдырыҩ Андре Земсков-Циугеи еицымҩаԥыргоз апроект "Историческая память людей" аан.

Ажәабжьқәа зегьы
0